АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik. Урыстәыла Афедерациатә хеилак жәларбжьаратәи аилак ахада ихаҭыԥуаҩ Фарит Мухаметшини иара убри аилак алахәыла Алексеи Кондратиеви Аԥсныҟа иаауеит наԥшыҩцәак рыҳасаб ала аҩбатәи атур амҩаԥысраан. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Ҳделегациа Аԥсныҟа инеираны иҟоуп алхрақәа аҩбатәи ртур аан", - иҳәоит Кондратиев.
Актәи атур амҩаԥгараан Аԥсны алхрақәа ирхылаԥшуан 60-ҩык рҟынӡа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа. Актәи атур амҩаԥысра ашьҭахь анаԥшыҩцәа зегьы еицазгәарҭеит алхрақәа азакәаншьаҭа рыманы, аимак-аиҿак ыҟамкәа имҩаԥысит ҳәа.
Аԥсны АКХ аҳәамҭа ҟанаҵеит нанҳәа 25 рзы алхыҩцәа ралахәра 65,18% артәеит, алхрақәа ирылахәын 82 752 –ҩык ауааԥсыра ҳәа.
Аҩбатәи атур ахь инеиит Рауль Ҳаџьымбеи (24,83%) апартиа "Амцахара" акандидат Алхас Кәыҵниеи (22,91%).
Аҩбатәи атур аан акандидатцәа аӡәгьы далрымхыр АКХ аиҭалхрақәа мҩаԥгатәуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Алхрақәеи ҳаԥсҭазаареи: аполитикатә еиндаҭларазы гәҭахәыцрақәак
-
Аԥсны Апарламент аҩбатәи атур ахь анаԥшыҩцәа аанаԥхьеит