"ААУ абызшәазы акомиссиа ҳамоуп, абитуриентцәа ирдыруа-ирзымдыруа алкаақәа рыҟаҵаразы. Ҳаҩнуҵҟатәи аиҿцәажәара ашьҭахь иҳадыҳкылаз зегьы Аҵара аминистррахь иҳашьҭуеит, "абри ашкол аҿы аԥсшәаҵара ыҟаӡам", "ари аҿы ибзиан ирдыруеит", "ари абри иахылаԥштәуп" ҳәа зегь раԥхьа инаганы иқәаҳҵоит ҳәа. Есышықәса ус ҟаҳҵоит ҳара. Уи ацхыраара унаҭоит", - ҳәа азгәеиҭеит Хагәышь.
Абызшәа аҵараҿы ихьысҳау ашколқәа ртәы далацәажәауа, Баҭал Хагәышь иҳәеит Аҟәатәи ажәабатәи ашкол аҿы аҭагылазаашьа аҽшамԥсахыз.
"Аӡәгьы игәы иалымсааит, аха Аҟәатәи ажәабатәи ашкол абызшәа аганахьала уаҳа аиҵыҵра амаиуит. Уаҳа абызшәазы аихаҳара ҟамлеит, ишыҟац еицәамзар, еиӷьхаӡом. Аҭоурых атәы ҳҳәозар, ақыҭантә иааз ахәыҷқәа иаҳа аҭоурых бзианы ирдыруеит ақалақьтәиқәа раасҭа", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагәышь.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Хагәышь: аҭоурых аҵаҩы изымдыруазар, арҵаҩцәа роуп изхароу
-
Хагәышь: ахәыҷқәа рхатәы бызшәала ицәажәарцаз, аинформациа роуроуп аԥсышәала