РУСДРАМ Кирови Сыктывкари иқәгылараны иҟоуп "Агастроль дуқәа" рҳәаа иҭагӡаны

Анапаҵаҩра
Искандер ихьӡ зху РУСДРАМ Кирови Сыктывкари рахь агастрольқәа мҩаԥысраны иҟоуп Урыстәыла акультура аминистрра ацхыраарала.

АҞӘА, цәыббра 6 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аспектакльқәа хԥа ықәнаргылараны иҟоуп Кирови Сыктывкари "Агастроль дуқәа" рҳәаақәа иҭагӡаны ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба.

РУСДРАМ Кирови Сыктывкари рахь агастрольқәа мҩаԥысраны иҟоуп Урыстәыла Акультура аминистрра ацхыраарала.

"Хышықәсоуп Урыстәыла Акультура аминистрра апроект "Агастроль дуқәа" ҳалахәуижьҭеи. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылеи аҳәаанырцәи иреиӷьу атеатрқәа ргастрольтә программақәа ирылахәуп. Ҳара аҳәаанырцәтә театрк аҳасаб ала анаԥхьара ҳауит Кирови Сыктывкари рахь", - ҳәа азгәеиҭеит Хынҭәба.

Аурыс драматә театр актиорцәа иқәдыргылараны иҟоуп аспектакльқәа хԥа: "Ҳаџьы-Мураҭ", "Визит старой дамы", "Сказку о том, как волк Абга стал рыбаком".

"Арҭ аспектакльқәа инарылукааша роуп. Аурыс хәаԥшҩы идаагалар ҳҭахуп иреиӷьу ҳақәҿиарақәа. Атеатр гастрольда аԥсы зҭалом. Сгәыӷуеит сынтәазы ари ҵыхәтәантәи гастрольхарым ҳәа", - иҳәоит иара.

РУСДРАМ агастрольқәа мҩаԥысуеит абҵара 2 - 9 рзы (абҵара 3 - 4 рзы Сыктывкар; абҵара 6 -7 рзы – Киров).

Иара убас шәаԥхьар цалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0