Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лышәба Геннади Гагәылиа изы: ихшыҩ, идырра ҳаракын, ԥхьаҟахәыцра иман

© Sputnik Томас ТхайцукЛушба Адгур.
Лушба Адгур. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Геннади Гагәылиа акыр аамҭа аус ицзухьаз, аамҭак азы Ахәаахәҭра- ааглыхратә палата ахада ихаҭыԥуаҩыс иҟаз Адгәыр Лышәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны игәалаиршәеит апалата аиҿкаара шыҟалаз, иусура дшазыҟаз.
Лышәба Геннади Гагәылиа изы: ихшыҩ, идырра ҳаракын, ԥхьаҟахәыцра иман

Цәыббра 8 шықәсык уажәаԥхьа амҩатә машәыр иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа. Амашәыр ҟалеит Мысра азааигәара. Аиҳабыратә кортеж Шәачатәи аҳаирбаӷәаза аҟынтәи Аҟәаҟа амҩа иқәын. Аԥснытәи аделегациа Шәамтәылатәи-арабтә республикаҟны усутә ныҟәарала иҟан. Аԥыза-министр дызҭатәаз амашьынеи даҽа машьынаки еиҿасит. Геннади Гагәылиа Аԥсны ашәаџьҳәажәабжьны иаалаҩит, алахьеиқәҵара рылаҳәан. Акыр аамҭа аус ицзухьаз, аамҭак азы Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата ахада ихатыԥуаҩыс иҟаз Адгәыр Лышәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны игәалаиршәеит апалата аиҿкаара шыҟалаз, Геннади Гагәылиа иусура дшазыҟаз.

"2002 шықәсазы Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амамызт адунеи аҟны, аполитикатә, аекономикатә ҭагылазаашьа даара иуадаҩын. Геннади Леонид-иԥа  убас азиӡбеит - аекономика аизҳаразы, аҿиаразы егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рахь анеиразы, уи ҳӡырнагоит, ҳцәырнагоит ҳәа Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аԥҵазарц. Усҟан Владислав Григори-иԥа Арӡынбеи иареи ари азҵааразы еилацәажәеит, иаԥҵан Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата. Иара ихшыҩ, идыррала еиликаауан Аԥсны ажәлар, аекономика ирыхәоз. Зны-зынла абри заҭахи ҳәа уазхәыцуан. "Лҵшәас иаиуои ҳәа?" санҵаауаз "Умццакын, абри шьаҿа-шьаҿала мышкызны абзиара ҳазцәырнагоит", - ҳәа шаҟантә исеиҳәахьаз, ус иагьыҟалон. Ԥхьаҟахәыцра иман. Аиҭанеиаарақәа, ацәыргақәҵақәа, аӡыргарақәа есышықәса еизҳауан иара ибзоурала", - иҳәеит Лышәба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0