Аслан Барцыц Кәыҵниа иштаб алхрақәа ахьазхарымҵаз азы: уажәа ажәазароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Барциц
Аслан Барциц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Заанаҵтәи адыррақәа рыла аҩбатәи атур аҿы аиааира игеит Рауль Ҳаџьымба.

АҞӘА, цәыббра 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩыс зкандидатура ықәгылаз Аслан Барцыц ахҳәаа аиҭеит Алхас Кәыҵниа иштаб алхрақәа иашам ҳәа иҟарҵаз аҳәамҭа.

Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла аҩбатәи атур аҿы аиааира игеит Рауль Ҳаџьымба (47,38%). Алхас Кәыҵниа 46,19% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит. "Амцахара" акандидат алхрақәа реихшьааала иашам ҳәа аӡбарҭахь ашшра игәҭакуп.

Тамаз Гогия  - Sputnik Аҧсны
Гогьиа: аиҭалхрақәа рымҩаԥгара азинтә шьаҭа амаӡам

"Алхас Кәыҵниа иштаб АКХ ахь ажәадгала ҟанаҵеит бжьеиҳала иалырхуа акандидат атәыла ахадас иӡбахә ҳәазарц. Рауль Ҳаџьымба иштаб ари ажәадгала иақәшаҳаҭхеит. Иуҳәо уажәа ажәазароуп", - иҳәеит Аслан Барцыц.

Ҭамаз Гогьиа цәыббра 9 рзы аҩбатәи атур аихшьаалақәа рыланаҳәеит. Аиааира игеит ҳәа дыԥхьаӡоуп Рауль Ҳаџьымба. Алхас Кәыҵниа иштаб ари иақәшаҳаҭым.

Акандидатцәа аиҭалхрақәа мҩаԥгатәуп ҳәа ирҳәо азакәантә шьаҭа аманы иҟам ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

"Ари акандидатцәа рҟынтәи ҳәамҭам, бжьагароуп. Ус шакәугьы ашәҟәы иҭаагалоит ҳаилатәараҿгьы ҳахәаԥшуеит. Иарбанызаалак аӡбра Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы ишшыр ҟалоит", - иҳәоит Гогьиа.

АКХ ахантәаҩы иара убасгьы иазгәеиҭеит АКХ ахантәаҩы иӡбра иақәшаҳаҭымзар аӡбарҭатә усбарҭақәа рахь ишьақәыргыло аԥҟарала ашшыԥхьыӡ нарышьҭыр ауеит.

"Аԥсны АКХ аусура ду мҩаԥнагеит. Алхрақәа мҩаԥысуанаҵы еилагарак азгәарымҭеит", - иҳәоит Аслан Барцыц.

Алхрақәа аҩбатәи ртур аҵыхәтәантәи аихшьаалақәа рылаҳәахоит хымш рыҩныҵҟа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0