Алхас Кәыҵниа аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ наишьҭит

© Sputnik / Томас ТхайцукАлхас Квициниа
Алхас Квициниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур аан атәыла ахада бжьеиҳала далхызарц аӡбра аднакылеит Аԥсны АКХ абжьыҭарақәа рыламҭалаз. Аҵыхәтәантәи аихшьаалақәа рыла аиааира игеит Рауль Ҳаџьымба.

АҞӘА, цәыббра 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Алхас Кәыҵниа цәыббра 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ наишьҭит Аԥсны АКХ аӡбра азакәан шьаҭа агәаҭаразы.

Закәанла аӡбарҭа жәамш рыҩныҵҟала аӡбамҭа аднакылароуп.

Парламентские выборы в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Кәыҵниа абжьыҭара алҵшәақәа рзы ашшра игәҭакуп

Алхас Кәыҵниа игәаанагарала алхрақәа раантәи аиааиҩы бжьеиҳала далхтәуп аха убри аан "зегьы сырҿагылоит" ҳәа зыбжьы азҭаз рыбжьқәеи аоппанент изы иаҭаз абыжьқәеи иреиҳаны абжьы имазароуп.

Атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур аан атәыла ахада абжьы еиҳала далхызарц аӡбра аднакылеит Аԥсны АКХ абжьыҭирақәа рыламҭалаз. "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 19 еиуеиԥшым аилкаарақәа цәырнагоит. Уи иныҭкааны иарбам аҩбатәи атур аан ииааиз дшалкаатәу.

Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа Аԥсны Апарламенти Аконституциатәии Иреиҳаӡоуи аӡбарҭақәа рахь ацхыраараз ашәҟәқәа неишьҭит.

"Апарламент адепутатцәа аԥхынтә ԥсшьарамшқәа рымоуп. Ҳашәҟәы аҭак ҳаздырхеит "Аԥсны Аҳәынҭқарра адепутат иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 15", -  иҳәеит Гогьиа.

Рауль Ҳаџьымба 47,39% абжьы иоуит, Алхас Кәыҵниа – 46,17%.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Рауль Ҳаџьымба Кәыҵниа алхрақәа реихшьаала дахьақәшаҳаҭым азы: азин имоуп
  • Алхас Кәыҵниа цәыббра 10 рзы алхрақәа рылҵшәазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь дашшуеит

Ажәабжьқәа зегьы
0