Григори Карасин инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәуп

© Sputnik Виктор Толочко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГригори Карасин инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәуп
Григори Карасин инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәамза анҵәамҭазы Владимир Путин Карасин аорден "Аԥсадгьыл аҿаԥхьа алшамҭақәа рзы" III аҩаӡара ианеишьеит.

АҞӘА, цәыббра 11— Sputnik. Владимир Путин Григори Карасина Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩыс дахьыҟаз аҟынтә ихы дақәиҭитәит. Иара ари амаҵура ааникылон 2005 шықәса раахыс.

Карасин иҭыԥ аҿы даҭоуп Евгени Иванов. Абри азы аусԥҟақәа кьыԥхьуп азинтә информациа апортал аҿы. Карасин инапы ианын ИАР атәылақәа аус рыцура азҵаарақәа, аҳәаанырцәтәи аџьынџьуаа рнырра.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла иара Афедерациатә хеилак ахь диагахар алшоит.

Нанҳәамза анҵәамҭазы Владимир Путин Карасин аорден "Аԥсадгьыл аҿаԥхьа алшамҭақәа рзы" III аҩаӡара ианеишьеит.

Уаанӡа иара ианашьан Аиҩызара аорден, "Аԥсадгьыл аҿаԥхьа алшамҭақәа рзы" IV аҩаӡара, Александр Невски иорден уҳәа егьырҭ аҳамҭақәагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0