Асмартфонқәа рзы агәаранқәа рыхәԥса шьақәдыргылеит

© Foto / Edgar SuThe iPhone XS
The iPhone XS - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Apple iPhone анӡырырга ашьҭахь алаҳәаратә саитқәа рҟны ицәырҵит агаджет аахәаразы аҭыԥ аанкылараз алаҳәарақәа.

АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik. Урыстәыла iPhone ҿыц аахәаразы агәаран ахәԥса 500 нызқь мааҭ иаԥсоуп ҳәа зҳәо алаҳәарақәа цәырҵит алаҳәаратә сервисқәа рҟны.

РИА Новости, Avito, "Юла" рпресс-маҵзурақәа рдыррақәа ҵаҵӷәыс иганы, еиҭанаҳәоит цәыббра 11 инаркны агәаран ақәгылара алшоит ҳәа. Агәарантә ҭыԥ ахәԥса 400 000 мааҭ иаԥсоуп. Иҟоуп 200 000 мааҭ, 150 000 мааҭ иаԥсоу аҭыԥқәагьы.

Аилахәыра Apple цәыббра 12 рзы асмартфон ҿыцқәа хԥа - iPhone 11, iPhone 11 Pro, iPhone 11 Pro Max аҭиразы иқәнаргылоит. iPhone 11 ахәԥса - 59,99 нызқь мааҭ, iPhone Pro ахәԥса - 89,99 нызқь мааҭ, iPhone Pro Max - 99,99 нызқь мааҭ. iPhone 11 Pro Max 512 гигабаит змоу 131,99 нызқьмааҭ иаԥсоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0