Урыстәылатәи аруаа Аԥсны ашьхараҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

© Foto / Пресс-служба ЮВОУрыстәылатәи аруаа Аԥсны ашьхараҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит
Урыстәылатәи аруаа Аԥсны ашьхараҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аруаа агәаҭарақәа рҳәаа иҭагӡаны арратә техникеи абџьари рыла ашьхаратә ҭыԥқәа рҟны азыҟаҵарақәа раан аракетатә комплексқәа "Штурм-С" рыла "аӷа" икәылӡтәы техника аԥырырхит.

АҞӘА, цәыббра 12– Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ атанкҿагыларатә ҟәша аруаа агәаҭарақәа рҳәаа иҭагӡаны арратә техникеи абџьари рыла ашьхаратә ҭыԥқәеи аҩхаарақәеи рҟны азыҟаҵарақәа раан аракетатә комплексқәа рыла "аӷа" икәылӡтәы техника аԥырырхит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Азыҟаҵарақәа раан аракетатә комплексқәа "Штурм-С" рыла "аӷа" икәылӡтәы техника ықәыргеит.

"Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаа разыҟаҵара мҩаԥыргон аштаб афицарцәа. Дара иазгәарҭон арратә еилазаара ахьынӡазыҟаҵоу, иаарласӡаны рнапы ианҵоу адҵақәа шынарыгӡо", — ҳәа арбоуп апресс-релиз аҟны.

Апресс-маҵзура аинформациала, атактикатә гәыԥқәа рҿаԥхьа иқәыргылаз адҵақәа инарықәыршәаны, 200 километра амҩа ианысны аполигонқәа "Ҵабали" "Нагвалоуи" рахь инеит.

урыстәылатәи арратә база аруаа рҽазыҟаҵара - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа "амшынтә десант ажәылара" аԥдырҟәҟәааит

Амҩан иаадырԥшуан рдыррақәа, арратә техника ахархәашьазы ироуз рԥышәа. Автомобилтә колоннақәа рмашьынарныҟәцаҩцәа ашьха ӡиасқәеи аҭҳәаақәеи ирхысуан, ҷыдала ирыҭаз аԥынгылақәа ирҿысуан. Акәылӡылас атехникеи "аӷа" ирмчқәеи иреихсуан. Иахьнеиз ашьхаратә ҭыԥқәа рҟынгьы аҽыхьчаратә тактиказы ирымоу рдыррақәа аадырԥшуан. Аҽазыҟаҵарақәа раан рхы иадырхәон аҽыҵәахгатә ахархәагақәа, алҩа аушьҭрала аҽыҵәахра убрахь иналаҵаны.

Апресс-маҵзура аинформациала, уаанӡа аррамаҵзурауаа ҳаамҭазтәи акомпиутертә тренажиорқәа рҟны аҽазыҟаҵарақәа ирхысит. Атренажиорқәа рҿы аҵара-ҽазыҟаҵарақәа аруаа разыҟаҵара аамҭа дыркьаҿуеит, ахархәагақәа аекономиа рнаҭоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0