Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Жорданиа Москватәи атеатр Аԥсны агастрольқәа рзы: аганқәа зегь рыла ихҭыс дуӡӡоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЏьамбул Жорданиа
Џьамбул Жорданиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Искандер ихьӡ зху Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиа арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит Чехов ихьӡ зху Москватәи асахьаркыратә театр Аԥсны агастрольқәа ҳҟазаразы ихҭыс дууп ҳәа.
Жорданиа Чехов ихьӡ зху Москватәи атеатр Аԥсны агастрольқәа рзы: хҭыс дуӡӡоуп

"Ҳәарада, ганрацәала уахәаԥшуазар, аестетика, акультура, Аԥсны аҟазара аганахьала даара хҭыс дууп. Ҳминистр Ельвира Арсалиаԥҳа ишылҳәаз еиԥш Аҟәа ипровинциатәу қалақьуп ҳәа иазуҳәаратә ишыҟам унардыруеит. Уажәы ҩышықәса–хышықәса рыҩнуҵаҟа атеатр хәыҷык ахы иҩаханы ишыҟоу, ахәаԥшыҩцәа шҳамоу, атеатр азы маҷ-маҷ аилкаара змоу шҳауа - убри ала иудырыртә иҟоуп. Ас еиԥш атеатр дуӡӡа ҳара ҳҟны иахьааз хҭыс дуӡӡоуп, насгьы даара иҳахәеит ҳәа агәаанагара сымоуп", - иҳәеит Жорданиа.

Чехов ихьӡ зху Москватәи асахьаркыратә театр Аԥсны агастрольқәа ирылагӡаны цәыббра  11, 12 рзы ахәаԥшцәа иднарбоит ашәҟәыҩҩы Виктор Астафиев иажәабжьқәа рыла ақәыргыламҭа "Пролетный гусь". Ари аспектакль Урыстәыла аҳәынҭқарратә премиа анашьан.

Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0