Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Адлеиба иҳәеит Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҟны атуризм аҿиаразы ԥырхагас иибо

© SputnikАстамур Адлейба
Астамур Адлейба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҟны атуризм аҿиаразы мҩақәас иазыԥшаатәу азы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны игәаанагара иҳәеит Отаԥтәи Абрыскьыл иҳаԥы аиҳабы Асҭамыр Адлеиба.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Адлеиба Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҟны атуризм азы

"Атуризм мрагыларатәи ахәҭахьы енагь ихьысҳан, аха аибашьра ашьҭахь ҳтуристцәа зыцәшәо ақырҭцәеи ҳареи ҳҳәаа еизааигәоуп, ашәарҭара ду ыҟоуп ҳәа иахьа уажәраанӡа ираҳауа ауп. Ҿырԥштәык аҳасабала, хышықәса даҳҭаауеит аԥҳәыс лхәыҷқәа лыманы. Адлер адәыӷба дахьҭаз аԥҳәыс дҭаланы, аиқәаҵәа маҭәа лышәҵаны, хԥа-ԥшьба патреҭ лаԥхьа иаҭаны - ԥсшьара иаауа лыршәон лҳәеит, ус лҳәон лхәыҷқәа араҟа иԥсызшәа. Уи ус шықәсык, адырҩашықәсангьы ԥсшьара ианаауаз дрықәшәеит. Ас еиԥш апропагандагьы ыҟоуп", -  иҳәеит Адлеиба.

Астамур Ахба - Sputnik Аҧсны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Асҭамыр Ахба атуризм азы азакәан иазкны

Убасгьы иара аԥсшьаҩцәа мрагыларатәи ахәҭахьы рнеира иаԥырхагоу амзызқәа ҳәа иаликааит аҳаирбаӷәаза аус ахьамуа, адәыӷбақәа ахьымныҟәо. Убри аан иазгәеиҭеит ирҭаауа атуристцәа рахьынтә адырҩашықәсан зҩызцәа зманы инеиуагьы шыҟоу.

"Ари аизҳара иатәушәа збоит, аха акыр аамҭа рацәа цоит", -иҳәеит Алдеиба.

Убасгьы иара дырзааҭгылеит аԥсшьаҩцәа иаҳа рқыҭа иадԥхьаларазы имоу игәҭакқәа. Урҭ рыбжьара ажәытә ӡыӡлагара аиҭашьақәыргылара, ақыҭа иалсуа Аԥсуа Баагәара ду арыцқьара.

"Уи арыцқьара азин умамкәа иҟалом, аха аабыкьа дыҟан Баҭал Кобахьиа (Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха рыхьчареи рминистр лхаҭыԥуаҩ - аред.), ҳаицәажәон. Уажәы ақыҭауаа рхатә уск алагаразы алшарақәа маҷуп, иара уигьы аӡәы акы даналаго иахҭниҵо уахь иалаҵаны аус иуазар, уи аҳаҭыр азы ашәахтәқәа иаҳа иураӡар еиӷьзар ҟаларын", - ҳәа азгәеиҭеит Адлеиба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны асааҭ 18:00.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0