Зыԥсҭазаара кавказҭҵаара иазызкыз: археолог Гьаргь Шамба диижьҭеи 85 шықәса ҵит

© Foto / из семейного архива Георгия ШамбаГьаргь Шамба
Гьаргь Шамба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, аҵарауаҩ-кавказҭҵааҩ, археолог Гьаргь Шамба иԥсы ҭазҭгьы, иахьа ихыҵуазаарын 85 шықәса.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Археолог-аԥсуаҭҵааҩы, кавказҭҵааҩы Гьаргь Шамба диит Гәдоуҭа араион Абгархықә ақыҭан, цәыббрамза 15, 1934 шықәсазы. Аҟәатәи апедагогикатә институт аҭоурыхтә факультет далганы, иара аамҭак азы Аҟәеи Ԥицундеи рмузеиқәа рҟны аус иуан. 1960 шықәсазы Гьаргь Шамба дрыдыркылоит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут (уажәы - Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт) археологиа аҟәшахьы. Ари аинститут иара иԥсҭазаара зегьы азикраны дыҟазаарын, избан акәзар аҵыхәтәантәи имшқәа рҟынӡа иара аус азиуан. Акыр шықәса аинститут археологиа аҟәша напхгарагьы аиҭон.

© Foto / из семейного архива Георгия ШамбаГьаргь Шамба археологиатә ԥшаарақәа раан
Зыԥсҭазаара кавказҭҵаара иазызкыз: археолог Гьаргь Шамба диижьҭеи 85 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Гьаргь Шамба археологиатә ԥшаарақәа раан

1962 шықәсазы Шамба Қырҭтәылатәи ССР Археологиеи аетнографиеи Ринститут аспирантура дҭалоит, 1967 шықәсазы "Антикашьҭахьтәи аамҭазы Аԥсны ашьхақәа ирыԥныз ауааԥсыра" атемала ихьчоит акандидаттә диссертациа. Шамба иҭҵаарадырра хадаратәла хырхарҭас  иаман: Аԥсни Кавкази рҭоурыхи рархеологиеи, ҳара ҳера ҟалаанӡа I азқьышықәсазы – I азқьышықәса ҳара ҳера аан. Аҵарауаҩ Гагратәи араион аҟны аҭҵааратә усмҩаԥгатәқәа инапы рылакын. Гьаргь Шамба ибзоурала аҭҵаарадырратә ҳәаақәа ирылагалахеит ашколқәа рмузеиқәа рҟны иҵәахыз Ҟалӷьҭатәи, иара убас Мқьалрыԥшьтәи аԥшаамҭақәа.

Гьаргь Шамба иалкаау иаартра ҿыцқәа аԥсуа қыҭа Аладатәи Ешыра иԥшааз артефактқәа ирыдҳәалоуп. Иҭҵаарадырратә усура инаваргыланы, аҵарауаҩ арҵаҩрагьы аанижьуамызт. 1996 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор ҳәа ахьӡ ихҵан. Гьаргь Шамба ҩышә инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәеи амонографиақәа жәиԥшьи инапы иҵихит.

© Foto / из семейного архива Георгия ШамбаГьаргь Шамба иҭҵаарадырратә ҭынха иқәныҟәоит Кавказ антикатәи аамҭазтәи аҭоурых ҭызҵаауа зегьы.
Зыԥсҭазаара кавказҭҵаара иазызкыз: археолог Гьаргь Шамба диижьҭеи 85 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Гьаргь Шамба иҭҵаарадырратә ҭынха иқәныҟәоит Кавказ антикатәи аамҭазтәи аҭоурых ҭызҵаауа зегьы.

Археолог, Аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа, Гьаргь Шамба дигәалаиршәоит зус иазҟазаз, зыԥсадгьыл згәы азыбылуаз уаҩны.

"Ешыратәи аиланхарҭа, Џьанҭоутәи анышәынҭра уҳәа, Гьаргь Қәыҷ-иԥа Аԥсны ахи-аҵыхәеи кырџьара аԥсуа ҭоурыхҭҵаара аџьабаа азибеит. Антикатә аамҭа ҭызҵаауа дарбанызаалак, Аԥсны мацара акәымкәа, Кавказ ахьынӡанаӡааӡо, қәырԥшыгак аҳасабала Гьаргь Шамба иусумҭақәа ихы иаирхәоит, урҭ дрывсны дызцаӡом. Ҵарауаҩык иаҳасабала Гьаргь Кәыҷ-иԥа иус, хыхь-хыхь акәымкәа, кыр игәцаракны, инарҵауланы дазнеиуан. Иара зыԥсадгьыл бзиа избоз ауаҩы иаҳасабалагьы, ииԥшаауаз зегьы, иҭиҵаауаз зегьы аԥсуа милаҭтә культура иадиҳәалон. Ус зегьы ирылшаӡом ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит  Џьопуа.

Иара убас Аркади Џьопуа иазгәеиҭеит ҳазҭалаз ҭагалан иалагӡаны Аԥсуаҭҵааратә  институт аҟны Гьаргь Шамба ихьӡала жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа амҩаԥгара шазԥхьагәаҭоу.

© Foto / из семейного архива Георгия ШамбаГьаргь Шамба аус ицрухьан аҳәаанырцәтәи аҵарауаа аӡәырҩы
Зыԥсҭазаара кавказҭҵаара иазызкыз: археолог Гьаргь Шамба диижьҭеи 85 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Гьаргь Шамба аус ицрухьан аҳәаанырцәтәи аҵарауаа аӡәырҩы

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба ААУ аҟны аҵара аниҵоз Гьаргь Қәыҷ-иԥа Шамба рҵаҩыс диман. Иара, уаҩык иаҳасабала ирҵаҩы иҟазшьа аилкаара илзыршаз хҭыск еиҭеиҳәеит.

"Аҩбатәи акурс аҟны Гьаргь Қәыҷ-иԥа алекциақәа данҳазрыԥхьоз аамҭазы, есышьыжь сара даҽа қалақьк аҟнытә Аҟәаҟа саауан. Иара имаҭәар актәи алекциаҿы иаҳзықәдыргылеит аҟнытә, убас иҟалеит, ҩынтә-хынтә инеиқәырццакны сагханы сыҩналеит. Раԥхьа акгьы имҳәазаргьы, ахынтәраан санагха, системала уагхо уахьалагаз змаанои иҳәан, даасықәымчит. Ҳәарада, цас иҟасҵаӡомызт, аҭагылазаашьақәа ракәын изыхҟьоз, аха иажәақәа акгьы рхымҳәаакәа, сҭыԥ аҿы снеины стәеит. Алекциа ашьҭахь ауада дандәылҵуаз сизыԥшын, иасҳәеит сагхара змааназ, ажәагьы исҭеит ҳҭоурых сҽадцаланы ишысҵало. Уи ашьҭахь иареи сареи кыр ҳаизааигәахеит. Аҵара саналгагьы, сусумҭақәа зегьы дрыԥхьон, игәаанагара сыцеиҩишон. Сара сзы кырӡа рыҵанакуан иара иабжьгарақәа", - игәалаиршәоит Аслан Аҩӡба.

Гьаргь Шамба ианашьоуп Қырҭтәылатәи ССР, иара убас Аԥснытәи ССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум аҳаҭыртә бӷьыцқәа, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара, иара убас аҭҵаарадырра ахырхарҭаҿы Гь.К. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, археолог Гьаргь Шамба иԥсҭазаара далҵит жьҭаарамза 6, 2006 шықәсазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0