Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Нанба цәыббрамзатәи ажәыларазы: уи аԥхьа имҩаԥгаз хә-жәыларак еихызшьаалаз акәхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗакан Нанба
Закан Нанба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ахақәиҭтәразы ижәылоз актәи абригада аибашьцәа рыштаб аиҳабыс иҟаз, Леон иорден занашьоу аинрал-маиор Закан Нанба арадио Sputnik аефир аҟны уи ажәылара игәалаиршәеит.
Нанба: Цәыббрамзазтәи ажәылара ҳҽазыҟаҳҵеит, ҳаибашьцәагьы аԥышәа роухьан

Цәыббра 16, 1993 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иалагеит мҽхакыҭбаалатәи иҵахәтәантәихаз ажәылара аҳҭнықалақь Аҟәа ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтә ахақәиҭтәразы.

Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭаҟны Гәымсҭатәи афронт ала ԥшь-нызқьҩык инарзынаԥшуа аԥсуаа реибашьцәа уи ажәылара иалахәын.

Аҟәа ахақәиҭтәразы ижәылоз актәи абригада аибашьцәа рыштаб аиҳабыс иҟаз, Леон иорден занашьоу аинрал-маиор Закан Нанба арадио Sputnik аефир аҟны уи ажәылара игәалаиршәеит.

"Цәыббрамзатәи ажәылара рылҵшәахеит шықәсык еиҳаны хәынтә ҳазлагахьаз ажәыларақәа. Урҭ зегьы еихызшьаалаз, аиааирагьы злаҳгаз  жәыларахеит уи. Апатриотизм, ашьа злаз аҷкәынцәа рацәаны иаҳацәҭахеит, урҭ аԥхьа иналагозгьы иҳаман, аха аԥышәа. Иара аибашьра, ажәыларагьы аамҭа амоуп, уи аԥшаара мариаӡам. Аибашьра ахатә чымазарақәа амоуп, асолдаҭ аҭабиа дҭахацәар, нас иргылара цәгьахоит. Игәы амца ацраланы даныҟоу дуздәықәымҵар, аҭабиа чымазара ихьуеит. Цәыббрамзатәи ажәыларазы ҳҽазыҟаҳҵеит, џьаԥҳаныла, бџьарла ҳҽеиқәҳаршәеит. Абри аҽы андырыҩҩо, наҟ-ааҟ аӷәра рхханы иркыми, абас икны мацара акәын, аамҭа аныҟала идәықәлеит, ҳаибашьцәа уи аамҭазы аԥышәагьы роуит, рагьҽазыҟарҵеит", - иҳәеит Нанба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0