Аԥсныи Урыстәылеи рҳәаа ажьырныҳәа-нанҳәа амзақәа рзы 7 миллионҩык ауаа ахысит

© SputnikКПП Псоу
КПП Псоу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Росстат адыррақәа рыла 2019 актәи азыбжазы турист ҳасабла Урыстәыла аҳәаа иахысит 19 миллиони 891 нызқьҩык ауааԥсыра.

АҞӘА, цәыббра 19 – Sputnik. 2019 шықәса ажьырныҳәамза инаркны нанҳәамзанӡа Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа иахысит 7 миллионҩык ауааԥсыра ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иҟоу Урыстәыла АШәМ аҟәша апресс-маҵзура.

Абагаж - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла аҳәаа абагаж ахыгара аԥҟарақәа дырӷәӷәоит

"Ауаа рырацәара иахьмырԥшыкәа аҳәаахьчаратә хылаԥшара аусзуҩцәа ирылшо зегьы ҟарҵоит аҭагылазаашьа арманшәаларазы. Убри аан рнапы иану аусгьы хаҭабзиара ҳаракыла инарыгӡоит", - аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҿы.

Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵара инақәыршәаны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахыжьра мҩаԥыргоит ахаҭара шьақәзыргыло ашәҟәқәа ииашаны рымазаараан.

Росстат адыррақәа рыла 2019 актәи азыбжазы турист ҳасабла Урыстәыла аҳәаа иахысит 19 миллиони 891 нызқьҩык ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0