Аҟәысба еиҭеиҳәеит Ҭырқәтәылатәи ҳдиаспора Аиааиреи Ахьԥшымреи рымш шазгәарҭо
"Сҭампыл инадкыланы Аԥсуа федерациа иаҵанакуа ахеидкылақәа ахьыҟоу қалақьцыԥхьаӡа, қыҭацыԥхьаӡа ҳаԥсадгьыл аҟны имҩаԥысуа агәырӷьара мшқәа аиҳарак азгәаҳҭоит. Аиааира амш азы Афедерациа анапхгара, ахеидкылақәа рнапхгаҩцәа аиҳараҩык ҳаԥсадгьыл ахь ҳнеиуеит, уи атрадициа шьҭа жәашықәса инарзынаԥшуа иҳамоуп. Арҭ ашықәсқәа рахьынтә 7-нтә уахь ҳнеит, хынтә араҟа иазгәаҳҭеит ҳҳәар ауеит. Аха аҭыԥантәи ҳхеидкылақәа рҟынгьы инарҭбааны иазгәаҳҭалоит аныҳәа, араҟа иқәынхо ҳауаажәлар ирхамшҭырц. Убас сынтәагьы иҟалоит, Сҭампылтәи ҳхеидкыла рнапы ианаҳҵеит еиҿыркаарц, убасгьы Адана, Самсун, Анкара иҟоу ҳхеилакқәагьы аҭыԥан еиҿыркаауеит ауснагӡатәқәа", - иҳәеит Аҟәысба.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.