Рауль Ҳаџьымба Алхас Кәыҵниеи иареи реицәажәара атәы иҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукДействующий президент Абхазии Рауль Хаджимба
Действующий президент Абхазии Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, цәыббра 19 рзы ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизаз идгылаҩцәа рахь днеиит. Рауль Ҳаџьымба Алхас Кәыҵниеи иареи реицәажәара рылҵшәақәа ртәы иҳәеит.

АҞӘА, цәыббра 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәа рҿаԥхьа дықәгыло иҳәеит аоппозициатә партиа "Амцахара" аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа ишидгалаз аиҳабыра рҿы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ иҭыԥ шидгалаз.

Заседание Верховного суда Абхазии, 17 сентября 2019 - Sputnik Аҧсны
Аусӡбарҭаҿ аҭагылазаашьа: уажәтәи аамҭазы идыру

Кәыҵниа уи мап ацәикит, аха аԥыза-министрс Аслан Бжьаниа дыҟазарц ажәадгала ҟаиҵеит. Ажәадгала мап ацәкын, иҳәеит Ҳаџьымба.

"Алхас Кәыҵниа иацы аҳәамҭа ҟаиҵеит ҳаицәажәараз. Уи аӡәгьы изы имаӡаӡам. Ҳара ари аҭыԥ ҳауаажәлар реидкылараз ауп изидаагалаз", - иҳәеит ахада.

Иара иажәақәа рыла аиԥылара мҩаԥган Кәыҵниаа аижәлантәқәа рыҳәарала.

"Иаиааиз далхуп. Ауаа ргәаанагара иахьуҭаххалак архара иаҟәыҵтәуп", - иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара убасгьы ахҳәаа аиҭеит Александр Анқәаб иажәадгала.

"Уи ҳара ҳзы иҿыцу акакәым", - иҳәеит иара.

Цәыббра 9 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада аофициалтә дырра ҟанаҵеит: Аԥсны ахада иалхрақәа раан аҩбатәи атур аихшьаалақәа рыла атәыла ахадас Рауль Ҳаџьымба далхуп ҳәа.

Рауль Ҳаџьымба изы рыбжьы арҭеит 39 793-ҩык алхыҩцәа, Кәыҵниа изы - 38 766–ҩык алхыҩцәа. Абжьыҭарахь инеит 65,99% алхыҩцәа.

Алхас Кәыҵниа иштаб цәыббра 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ нанашьҭит Аԥсны АКХ аӡбра азакәан шьаҭа агәаҭаразы. Закәанла аӡбарҭа жәамш рыҩнуҵҟала аӡбамҭа аднакылеит.

Суд - Sputnik Аҧсны
Азиндырыҩ Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ азы: Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа апрезидиум акәаԥ аргылароуп

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа цәыббра 13 рзы иаҵахаз акандидат иашшразы заатәи аилатәара мҩаԥнагеит, уи аан ашшҩы АКХ аӡбамҭа аанкыларазы азыҳәа ҟаиҵеит, аха уи мап ацәнакыит аӡбарҭа.

Цәыббра 17 рзы азашшҩы ихьӡала аӡбарҭаҿы иқәгылоз адукат Инга Габилаиаԥҳа аӡбаҩцәа реилазаара иашан ишьақәыргылам ҳәа ахҳәааны, ирыԥсахразы адҵа ықәлыргылеит. Аӡбарҭа аилазаара аԥсахразы аӡбамҭа лыдылкылар ҟалоит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Манана Делԥҳа. Ари азҵаара иахәаԥшын хымш рыҩнуҵҟа.

Атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур аан атәыла ахада абжьқәа реиҳарак рыла далхзарц аӡбра аднакылеит Аԥсны АКХ абжьыҭарақәа рыламҭалаз. Уи зыхҟьаз уи ауп, "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 19 еиуеиԥшым аилкаарақәа ахьцәырнаго ауп. Уа иныҭкааны иарбам аҩбатәи атур аан иаиааиз дшалкаатәу.

АКХ атәыла ахада абжьқәа реиҳарак рыла далхзарц аӡбра аднакылеит Рауль Ҳаџьымбеи Алхас Кәыҵниеи рхаҭранкцәа алархәны имҩаԥыргаз аилатәара ашьҭахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Ҳагба Аԥсны алхрақәа рылҵшәазы: Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аӡбамҭа ашьҭахь, аус аангылароуп
  • Алхас Кәыҵниа аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ наишьҭит

Ажәабжьқәа зегьы
0