Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷелиа "Чагьам" жәларбжьаратәи аолимпидаҿы аиааиразы: ҳәашьак узаҭом ишыцәгьаз

© Sputnik / Томас ТхайцукАдгур Кварчелия
Адгур Кварчелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахореографиатә ансамбль "Чагьам" асахьаркыратә напхгаҩы Адгәыр Кәарҷелиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Лазаревск имҩаԥысуаз ахореографиазы жәларбжьаратәи аолимпидаҿы игааз аиааира атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәарҷелиа "Чагьам" Урыстәыла аолимпидаҿы риааиразы

"Даара ицәгьан, аолимпидаҿы шә-коллективк инареиҳаны иқәгылан. Харгьы ҳхы ҳақәгәыӷшәа ҳцеит, ахәыҷқәагьы ибзианы рхы аадырԥшит. Аха даара ицәгьан, уи ҳәашьагьы амам. Џьгьардаа даара еиӷәыргьеит. Ахәыҷқәа аԥхьанатә аусура ианалага акәашарахь раԥхьатәи ашьаҿақәа роуп иҟарҵоз. Усҟак аӡәы идыруа дыҟамызт. Ас еиԥш аиааира анаҳга, ахәыҷқәа рҭаацәеи ақыҭа ахадареи рнапы еинҟьо автобус иаԥылеит", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷелиа.      

Кәарҷелиа еиҭеиҳәеит Џьгьарда ақыҭан ансамбль "Чагьам" аиҿкаара шалыршахаз.

"Ансамбль еиҿкааужьҭеи ҩышықәса ҵуеит. Аҟәа аҟазаратә школ аҟынтә аусура ҳәа уахь срышьҭит. Аԥхьа ҳахьҽазыҟаҳҵоз аҭыԥгьы ҳамамызт, анаҩс аҭаацәеи ақыҭа анапхгареи рыцхыраарала асцена ҳзыҟарҵеит. Иахьа ансамбль аҿы икәашоит 32-ҩык ахәыҷқәа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәарҷелиа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0