Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Латариа Аҟәа ахақәиҭтәразы: иазхәыцны имҩаԥгаз жәыларан

© Foto / предоставлено Ринелем ЛатарияРинель Латариа
Ринель Латариа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа Ринель Латариа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылара ахәшьара аиҭеит.
Афырхацәа рымҩала: Латариа Аҟәа ахақәиҭтәразы аҵыхәтәантәи ажәыларазы

"Аҟәа ахақәиҭтәразы аҵыхәтәантәи ажәылараан фуникулиор ала ҳаара даара ибзиан иӡбаз ак акәын. Марттәи ажәылараан иҟаҵаз агхақәа зегьы анализ рзуны, аибашьцәа ирыхӡыӡааны иҟаҵаз операциан цәыббрамзазы. Ганхатәи ажәылареи ацҳақәа рыла иҟаҵаз ажәылареи ирыбзоураны ақырҭцәа акгьы рзыҟамҵеит, иалцан. Абасоуп ари аоперациа сшазхәыцуа. Иара ииашан иӡбан", - ҳәа азгәеиҭеит Латариа.

Аибашьра раԥхьатәи амшқәа игәаларшәо, Латариа иҳәеит ақырҭцәа рабџьар рымхны анаҩс рхы ишадырхәоз.

"Аибашьра ианалагоз, еиҳарак Мраҭашәаратәи афронт акык-ҩбак автомат рыда ыҟамызт, ана ҳрабашьны ак рыцәго, ара ҳрабашьны ак рыцәго, аротақәеи агәыԥқәеи еизго ҳаибашьуан. Дара агәы змаз уаамызт. Ирымаз абџьаргьы ак алган ирымгеит. Зегьы кажьны акәын ишцоз", - ҳәа еиҭеиҳәеит Латариа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0