Даур Ақаҩба Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рҳәаазы агәҭынчымра ааирԥшуеит

© Foto / МИД АбхазииДаур Ақаҩба Анатоли Бибилов диԥылеит
Даур Ақаҩба Анатоли Бибилов диԥылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба зхадараҿы дыҟаз Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа алахәын Цхинвал имҩаԥысуаз Аахыҵ Уаԥстәыла аԥҵара амш иазкыз агәырӷьаратә уснагӡатәқәа.

АҞӘА, цәыббра 23 — Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба иколлега Дмитри Медоев даниҿцәажәоз иҳәеит ақыҭа Уиста (Цнелис) аҭыԥ змаз аҭагылазаашьақәа агәҭынчымра шизцәырырго ҳәа аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.

Даур Ақаҩба - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәаа аҭышәныртәаларахь ақырҭуа ган аанаԥхьоит

Ақаҩба игәаанагарала, Уиста аҭыԥ змаз ахҭыс Аахыҵ Кавказ зегьы аҭынчра ҵнашәаар алшоит.

Аусбарҭақәа рыҩбагьы рнапхгаҩцәа иара убасгьы ирылацәажәеит иахьатәи аамҭазтәи реизыҟазаашьақәеи урҭ ԥхьаҟатәи рԥеиԥшқәеи.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба иара убасгьы диԥылеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов.

Аиԥылараан Ақаҩба Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ихьӡала Анатоли Бибилови Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлари дрыдныҳәалеит.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба зхадараҿы дыҟаз Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа алахәын Цхинвал имҩаԥысуаз Аахыҵ Уаԥстәыла аԥҵара амш иазкыз агәырӷьаратә уснагӡатәқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0