Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аруаа 50 тонна аӡы дрыцқьеит

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАӡы арыцқьара
Аӡы арыцқьара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполигонқәа Нагвалоу, Ҵабал, Гәдоуҭа рҟны ашьхара-бнаратә ҭыԥқәеи амшын аԥшаҳәаҿи аӡрыцқьарақәа мҩаԥган.

АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи аокруг арратә база анџьныр-сапиортә ҟәша мызкы ахы-аҵыхәала атехникатә хархәагақәа рыла 50 тонна аӡы адезинфекциа азыруит. Абри атәы аанацҳауеит арратә база апресс-маҵзура.

"Ҳаамҭазтәи комплекслатәи аӡрыцқьагақәа СКО-10 "Гигиена" рхархәарала арратә ҟазауаа аӡеизакырҭақәа ррыцқьара мҩаԥыргеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Автономтә станциа иалшоит сааҭк аҩнуҵҟала 8-10 метр ԥшьыркца аӡы арыцқьара.

Идрыцқьаз аӡы ҩ-нызқьҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа рҭахрақәа рзы инырхит.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла аладатәи аокруг арратә база аҟәшақәа рыррамаҵзурауаа алахәуп инарҭбаау акоманда-штабтә ҽазыҟаҵарақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0