00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
18:00
31 мин
18:30
31 мин
21:00
31 мин
21:30
31 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Лавров Белоруссиа Аԥсны ахьазханамҵаз: ҳара аӡәгьы идаҳцалом

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Белоруссиа ахада Александр Лукашенко уаанӡа аҳәамҭа ҟаиҵахьан Аԥсны азхаҵара дшазыхиаз, аха мап ацәикыр акәхеит атәыла жәларбжьаратәи ақәыӷәӷәара амоурц азы.

АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров агазеҭ "Коммерсант" аҳәамҭа азыҟаиҵеит Москва 100% белоруссиатәи адәныҟаполитикатә хырхарҭақәа зегьы ишрықәшаҳаҭым, аха уи акгьы шаанамго.

"Адәныҟатә политикала Белоруссиеи ҳареи аицусуратә программа еицҳамоуп. Ари адокумент аҿы шьаҿа-шьаҿала иҟаҳҵаша ануп", - иҳәеит Лавров.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иара убасгьы далацәажәеит Белоруссиа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ахьазханамҵаз азҵаара. Ахҳәаа аиҭеит Ҟрым Урыстәылаҟа ахынҳәра азҵааразы Белорусиа ахымҩаԥгашьа.

"Ҳара аӡәгьы акгьы идаҳцалом. Сара ибзианы издыруеит Косово ахьыԥшымразы мраҭашәаратәи ҳгәылацәа рхымҩаԥгашьа, аха ҳара ахаангьы усеиԥш ҳхы мҩаԥаагараны ҳаҟам", - иҳәеит Лавров.

Сергеи Лавров иара убасгьы Белоруссиа аҵакыраҿы урыстәылатәи арратә база аргылара мап ахьацәнакыз "угәы иамыхәара усуп" ҳәа ахиҳәааит.

2015 шықәса рзы Белоруссиа ахада Александр Лукашенко аҳәамҭа ҟаиҵахьан урыстәылатәи арратә база атәылаҿ аҟазаара Минск азгьы ихәарҭам Москва азгьы ихәарҭам ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0