Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Sputnik акорреспондент Аԥсны ашьапылампыл аҟны иҟоу аҭагылазаашьа еиҭеиҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукБадраҟ Аҩӡба
Бадраҟ Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
27-тәи Аԥсны ачемпионати ари амзазы излагараны иҟаз ашьапылампыл азы атәыла Ахраҿа 2019-2020 шш. рызтәи ахәмаррақәеи егьи ашықәс ахь ииагоуп. Уи зыхҟьаз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ажурналист Бадраҟ Аҩӡба.

Уи аԥхьа Аԥсны имҩаԥысуаз ашьапылампыл азы 26-тәи ачемпионат иалахәын акомандақәа фба: Аҟәатәи "Нарҭи", "Динамои", Гәдоуҭатәи "Риҵа", "Афон", "Гагра", Галтәи "Самырзаҟан". Уажәтәи ачемпионат ахь афинанстә уадаҩрақәа ирыхҟьаны акомандақәа "Афони" "Самырзаҟани" зымнеит.

Sputnik акорреспондент Аԥсны ашьапылампыл аҟны иҟоу аҭагылазаашьа еиҭеиҳәеит

"Аԥсны ашьапылампыл аҟны афинанстә уадаҩрақәа еснагь иҟан аибашьра еилгеижьҭеи. Ачемпионат амҩаԥгара залыршахару ҳәа азҵаара изныкымкәа иқәгылахьан, аха аҵыхәтәаны аԥара рыԥшаауан, имҩаԥыргон ачемпионат Аԥсны ахраҿа агаразы атурнир.

Сынтәа ҩ-командак "Афони" "Самырзаҟани" ршьапылампыласыҩцәа ачемпионат алахәхара мап ацәыркит аԥара ахьыҟам иахҟьаны. Аҟәатәи "Нарҭ" ахәмарыҩцәа ирҳәеит иагьа уадаҩра ҟаларгьы, ҳахәмаруеит ҳәа, аха уигьы аԥара ыҟамкәа уабанӡахәмаруа, досу рҭаацәа ныҟәаргар ауп. Уи инамаданы ԥшь-командак роуп инхаз. Шықәсык аԥхьа Аԥсны ашьапылампыл азы ачемпионат ҭагалан-ааԥын ҳәа асистемахь ииасит. Аха уажәы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иахҟьаны 27-тәи ачемпионат ааԥын иалагоит, ихыркәшахоит ҭагалан. Уи уажәы усҵәҟьа иҟалоит ҳәа ҳзыҳәом, аха агәыӷра ыҟоуп аԥара ԥшаахап ҳәа", - иҳәеит Аҩӡба.

Шәазыӡырҩы аудио. Шәазҿлымҳаз арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0