Гәымсҭа иаадыртит хатәгәаԥхарала еибашьуаз рмемориалтә ӷәы

© Sputnik / Бадри ЕсиаваГәымсҭа иаадыртит хатәгәаԥхарала еибашьуаз рмемориалтә ӷәы
Гәымсҭа иаадыртит хатәгәаԥхарала еибашьуаз рмемориалтә ӷәы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәалашәаратә ӷәы аҟны иануп Ҟабарда-Балкариантәи хатәгәаԥхарала Аԥсны иааны еибашьуаз, 1993 шықәса хәажәкырамза инаркны мшаԥымзанӡа имҩаԥысуаз арратә операциақәа раан иҭахаз жәеизаҩык рыхьӡқәа.

АҞӘА, цәыббра 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәымсҭа иаадыртит Ҟабарда-Балкариантәи Аԥсны иааны хатәгәаԥхарала еибашьуаз рмемориалтә ӷәы.

Амемориалтә ӷәы аартра ацеремониа иалахәын иҭахаз рыуа-рҭахыра, Аҟәа ахадара, Аԥсн ыиҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа, абжьаратә школқәа рҵаҩцәа.

Агәыԥ "Ҟабарда" акомандаҟаҵаҩ, Аԥсны Афырхаҵа Владимир (Гена) Карданов дҭахеит мшаԥы 13 1993 шықәса рзы.

"Алада Ешыра апозициахь ицоз автобус сҭалеит аха гена уҭыҵроуп ҳәа сҭицеит. Усҟан аибашьраҿы сашьцәа ҩыџьа ҭахахьан. Гена урҭ рлахьынҵа сацәихьчон. "Иура, уара узгьы схазгьы сеибашьлоти" ҳәа сеиҳәеит. Иара ииҳәаз ҳәан, дхьаҵуамызт. Саанхеит", - игәалаиршәоит аибашьра аветеран Иури Дбар.

Хымш ааҵхьаны Карданови иҩызцәа аҷкәынцәеи ҭахеит. Аминамиоттә снариад иахьтәаҵәҟьаз иақәшәеит. Карданов иаб иашьа иԥа, Сергеи Карданов абри аан уа дшыҟазгьы деиқәхеит. Уи игәы хьаауа игәалаиршәоит ицеибашьуаз. Урҭ дреиуан арратә хроникала ибзианы еицырдыруа Руслан Жилетежев. Руслан адыга бызшәала ашәа "Адыга нысэ" аниҳәо акадырқәа Аԥсны иззымдыруа дыҟам.

"Руслан деибашьыҩ бзиан. Аибашьра ддәықәлацыԥхьаӡа ашәала имҩа данылон. Абџьарс зтәы изымдыруаз ыҟамызт", - дигәалаиршәоит Карданов.

Ҟабардантә хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз зегь қәрала дреиҵбын Валери Берхамов. Иара ишықәс иацҵаны аибашьцәа дрылалеит. Ихыҵуаз 15 шықәса ракәӡан. Берхамов дҭахеит марттәи ажәылараан.

"Иқәра иацҵаны аибашьцәа дышрылалаз анеилҳарга иааулак иҩныҟа дҳархынҳәит, аха аамҭақәак цахьаны деиҭахынҳәит. Ишимуаз анааба еиҳа дҳахьчап ҳәа дынҳажьит, аха хәажәкыра 18 рзы аснаипер ихымҭа даҳцәагеит", - еиҭеиҳәоит аибашьҩы Валери Маремуков.

© SputnikГәымсҭа иаадыртит хатәгәаԥхарала еибашьуаз рмемориалтә ӷәы
Гәымсҭа иаадыртит хатәгәаԥхарала еибашьуаз рмемориалтә ӷәы - Sputnik Аҧсны
Гәымсҭа иаадыртит хатәгәаԥхарала еибашьуаз рмемориалтә ӷәы

Мшаԥы 13 1993 шықәса рзы иҭахаз Анзор Шогенов иаҳәшьа – Лидиа еиҭалҳәоит Анзор еибашьра дышцаз аҭаацәа ишырзымдыруаз. Аҩны командировка срышьҭуеит ҳәа реиҳәеит. Шогенов Аԥсны дшеибашьуаз анеилкааха иԥсыбаҩ рыманы ианнеи ауп.

Амемориалтә ӷәы аартра ацеремониаан леон иорден занашьоу, абаталион "Шьараҭын" аштаб аиҳабы Раули Амҷба иазгәеиҭеит аӷәы зсахьақәа анну ахацәа Аԥсны ахақәиҭра ишахҭнырҵаз рыԥсҭазаарақәа.

Рауль Амичба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Амҷба Гена Карданов игәыԥ аҭахаразы: ааха ӷәӷәахеит аԥсуа арбџьарымчқәа рзы

"Афырхаҵареи агәымшәареи аарԥшуа, аԥсуа жәлар ирыдгыланы, аԥсуа дгьыл ахақәиҭреи аиааиреи адунеи зегьы ирыцкны иҟоу рыԥсҭазаарақәа ахҭнырҵеит", - иҳәеит Амҷба.

Аҟәа ақалақь ахада Адгур Ҳаразиа еизаз зегьы ирыдиныҳәалеит Аҟәа ахақәиҭра амш, хатәгәаԥхарала еибашьуаз иҭабуп ҳәа реиҳәеит еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа рзы иҟарҵаз ацхырааразы.

Аиҿкаара "Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи" Аҟәатәи аҟәша анапхгаҩы Феруза Қапԥҳа ҷыдала ҭабуп ҳәа ралҳәеит Аԥсны зхы ақәызҵаз ранацәа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьар иалагеит нанҳәа 14 1992 шықәса рзы. Абри амш инаркны рыжәҩа ҳадырҵеит Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рҟынтәи ҳашьцәа. Аибашьра цонаҵы хатәгәаԥхарала Аԥсныҟа иааны еибашьуан ҩ-нызқьҩык инареиҳаны аибашьцәа Урыстәылеиԥш егьырҭ атәылақәа рҟынтәгьы.

Цәыббра 27 1993 шықәса рзы ахы иақәиҭтәын Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа.

© SputnikГәымсҭа иаадыртит хатәгәаԥхарала еибашьуаз рмемориалтә ӷәы
Гәымсҭа иаадыртит хатәгәаԥхарала еибашьуаз рмемориалтә ӷәы - Sputnik Аҧсны
Гәымсҭа иаадыртит хатәгәаԥхарала еибашьуаз рмемориалтә ӷәы
Ажәабжьқәа зегьы
0