Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кобахьиа: аԥсуа азныказ даҿаурххаргьы, маҵуҩыс иҟаҵара улшаӡом

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Кобахиа
Аслан Кобахиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны афырхаҵа, Гәымсҭатәи афронт аҟны артиллериа адҵаҟаҵаҩыс иҟаз Аслан Кобахьиа арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амшқәа игәалаиршәеит.

Иахьа цәыббра 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа. 26 шықәса раԥхьа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аԥсны иалцаны, Егры аӡиас ала ахәынҭқарратә ҳәааҟны аԥсуа бираҟ шьҭыхын.

Афырхацәа рымҩала: Кобахьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иазкны

"Шықәсыки ҩымзи ҳҿархханы ҳазмаз аӷа имчқәагьы илшарагьы дуун. Уажәы аҿар ирызҳаит, иаҳҿагылаз аӷа имч маҷызшәа ргәы иабоит. Даара амч ду змаз, Уаԥстәыла аибашьра зхызгахьаз, Гыртәыла анышә иарханы, рыуаажәлар ирылахәмарны анаҩс Аԥсныҟа иҭалаз аӷацәа роуп. Урҭ аибашьраҟны аԥышәа рыман, бџьарла еиқәшәан, адырра змаз афицарцәа рацәан, иара убас аӷьычра-ақәычра знапы алакыз, ауаа зшьуаз, изырҳәуаз - зегь рыман. Амчқәа аки шәки узеидкылозар, убас иҟан.

Аԥсуаа аӷацәа рацкьыс излеиӷьыз атәы ҳҳәозар, еилыркаауан ари адгьыл рыԥсадгьыл шакәыз, уи зыхьчатәыз. Дара ааит рыԥшышьала ишакәымкәа акыр шықәса зхы мҩаԥызгоз аԥсуаа ахьдырхәырц. Акыр иаԥсоушәа иҟоу ҳшьуеит, егьырҭ маҵуцәас иҟаҳҵоит ҳәа гәҭакыс ирыман. Аԥсуа азныказы даҿаурххар ҟалоит, аха маҵуҩыс иҟаҵара аӡәгьы илшаӡом.

Аибашьҩы Аԥсны аҳәынҭқарраҟны пату иқәым аҳәара иашам. Ҳара аибашьцәагьы агха ҳамазар ҳаҭашәымҵан, ҳаҷкәынцәан", - иҳәеит Кобахьиа.

Иара иазгәеиҭеит аибашьраан аидара хьанҭа аҿар рыжәҩахыр ишықәыз, иахьатәи аҭынч ԥсҭазаара аргылараҟынгьы аҿар иаҳа агәрагара шрыҭатәу.

"Ҳара иаҳҭахуп уахгьы-ҽангьы имыцәо, ихәыцуа, агха ҟарҵаргьы, ириашаны ԥхьаҟа ицо аҿар. 90 процент инарзынаԥшуа иахьатәи ҳҿар гәыла, хыла ихәыцуа роуп. 26 шықәса раԥхьа аԥсҭазаара иаҳнарбеит аҿар ирылшо шырацәоу, ииашаны уанрызныҟәа, угәра анырга. Владислав Арӡынба аҿар игәра рымгазҭгьы, иарбан иааироу иҟалоз?! Аҿар агәрагара анурҭо, ахәынҭқар илымшо акгьы ыҟаӡам, убасҟан ауп аиааира дуқәагьы аныҟало", - иҳәеит Кобахьиа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ирҿагыланы х-нызқьи хәышәҩык инарзынаԥшуа рхы ақәырҵеит, хә-нызқьҩык инарзынаԥшуа ахәрақәа роуит, аԥсуаа рганахьала ҩышәҩык инарзынаԥшуа хабарда ибжьаӡит. Цәыббра 30 рзы Аԥсны иргәаладыршәоит аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз афырхацәа, Аиааиреи Ахьыԥшымреи рныҳәамш азгәарҭоит.

Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0