Манаргиа: ақыҭаҟны унхоны ԥшык узыламкәа, рахәык уашҭа иҭамкәа-ԥсҭазаарам
"Ҳәара аҭахума, ақыҭараҟны зегьы анапы рҭахуп, ахала акгьы ҟалом. Аџьықәреи аарыхра аҭахуп, аха иаԥырхагоу ахәаҷа-маҷақәагьы ыҟоуп, сара хаҭала ахәшә ақәҭәаны исҭахым аџьықәреи, амала арҵәыга хәыҷык асҭоит, аха аиҳарак ауац аҵасԥсоит, ус зыҟасҵо уи ауп- арҵәыга (аселитра) хәыҷык аумҭар алаԥҟьа зҿалом. Аарҩара иаҳа аҽарӷәӷәо иалагеит ес-ԥхынра, аха ақыҭаҟны уҟазар, урахә ыҟазароуп, уԥҳә, уҭәа, ажәакала аӡынразы аҟашәа умазароуп. Ҳҽаҩра сынтәа ҳҵәыуартә иҟам, хар амам. Ақыҭаҟны инхо ауаҩы ԥшык сзыламкәа, рахәык сашҭа иҭамкәа - ԥсҭазаароуп ҳәа исзыԥхьаӡом", - иҳәеит Манаргиа.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Анаԥа-Нага – аҽаҩра анцәахәы илызку аныҳәара
-
Алхас Кәарацхьелиа еиҭеиҳәеит сынтәа ажь аҽаҩра зеиԥшроу