"Атәылауаҩшәҟәы аҟны иануп 70 шықәса схыҵит ҳәа, иансыхәааԥшуа 60 ухыҵуазар ҟалап ҳәа сарҳәалоит. Маӡас иҟоу аспорт, ауаҩы пату иқәҵара, ацәгьара азымхәыцра ауп. Ашьыжьымҭан сангылалак сшәырҭра сыҵаланы сахәаԥшуеит, махәҿала 20-30 минуҭ раҟара аус зулоит. Аԥхын амшын аҟны сыӡсоит, аха еиҳарак махәҿала шьыжьла маҷк аус зуеит, уи ашьҭахь усура сцоит. Иазгәасҭар сҭахуп, аԥсҭазаараҿы ауаа дуқәа аус рыцура аганахьала исықәҿиеит ҳәа. Ауаҩы дшыхәыҷу иани иаби аԥсуара, аламыс, апату, абзиабара иҩныҵаҟа илармааӡар, дандухалак аҵара ду иҵаргьы, урҭқәа закәу изеилымкаар ҟалоит. Ауаҩы бзиа дбаны, сабаицхраари ҳәа азакәан еиламгакәа аус узуыр, зегь маншәалахоит. Аԥсуа убас дыҟоуп ихьаа ануеиҳәа, уара утәы еиԥш иудкыланы уеихаҵгылар, аџьабаа адубалар уамак узеимыцхрааргьы иҭабуп ҳәа уеиҳәоит", - иҳәеит Аршба.
Валери Аршба аус иухьеит Аԥсны аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩс, Урыстәылатәи аенциклопедиа академиа алахәылас дыҟоуп, Аԥсны Амилаҭтә аолимпиатә хеилак хантәаҩра азиуоит.
Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.