Аԥснытәи аделегациа Ҟабарда-Балкариа ахада иҭоубашьҭаҵара иалахәын

© Foto / Кабинет МинистровАԥснытәи аделегациа Ҟабарда-Балкариа ахада иҭоубашьҭаҵара иалахәын
Аԥснытәи аделегациа Ҟабарда-Балкариа ахада иҭоубашьҭаҵара иалахәын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҟабарда-Балкариа ахадас иалху Казбек Коков арегион анапхгаҩы имаҵзура дахагылеит ажәлар рҿаԥхьа аҭоубашьҭаҵара ҟаҵаны.

АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба, аекономика министр Адгәыр Арӡынба, Аминистрцәа реилазаара аппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа злахәыз Аԥснытәи аделегациа Ҟабарда-Балкариа ахада иҭоубашьҭаҵара иалахәын. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аиҳабыра рыпресс-маҵзура.

Џьансыхә Нанба еизаз аԥсшәа раҳәо даԥхьеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба идныҳәаларатә шәҟәы.

Казбек Коков Ҟабарда-Балкариа ахадас далхуп - Sputnik Аҧсны
Казбек Коков Ҟабарда-Балкариа ахадас далхуп

"Ҳаҭыр зқәу Казбек Валери-иԥа! Азин сышәҭ официалла Ҟабарда-Балкариатәи ареспублика ахадас шәыҟалара шәыдысныҳәаларц. Шәара шәыжәлар ринтересқәа рыхьчара шәҽазышәара шәыҳаҭыри шәыпатуи шьҭнахуеит. Шәеицырдыруеит аҭакԥхықәра ду иаҵагылар зылшо атәыла апатриотк иаҳасабала. Агәра згоит, шәусура ҳреспубликақәа рыбжьара аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара ԥхьаҟагьы аҿиара шанаҭо", - аҳәоит Аԥсны ахада идныҳәаларатә шәҟәы.

Рауль Ҳаџьымба Казбек Коков изеиӷьеишьеит агәабзиареи ақәҿиарақәеи, Ҟабарда-Балкариа ажәлар ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, амарымажара, ашәҭыкакаҷра.

Казбек Коков иҭоубашьҭаҵара аԥхьа аҭоубашьҭаҵаратә церемониа алахәылацәа зегьы 1992-1993 шшықәсқәарзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаԥхарала иалахәыз рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы Ҟабарда-Балкариантәи иааны еибашьуан 1562-ҩык. Иҭахеит 64-ҩык. 12-ҩык Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду рыхҵоуп.

2019 цәыббрамзазы Владимир Путин атәыла ахадас ҳәа ркандидатурақәа ықәиргылеит Казбек Коков (атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо), Игор Кладько (ПАО "Русгидро" арегионтә филиал адиректор), Илиас Шаваев (арегион аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи аминистр).

Ҟабарда-Балкариа азакәанԥҵара инақәыршәаны адепутатцәа, Урыстәыла ахада ирыдигалаз акандидатурақәа хԥа рҟынтәи далырхит атәыла ахада.

Казбек Коков изы еицҿакрыла рыбжьы рҭиит адепутатцәа зегьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0