Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ахба: асасааирҭақәа аӡын аԥсшьаҩцәа анрымам, русура зынӡа иааныркылар ииашам

© Sputnik / Томас ТхайцукАстамыр Ахба
Астамыр Ахба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны асасааирҭақәа ргильдиа ахада Асҭамыр Ахба арадио Sputnik аефир аҟны атуристтә наплакқәа русураҟны иахьазы ирымоу аиҵахарақәа зыхҟьо ртәы далацәажәеит.
Ахба: асасааирҭақәа аӡын аԥсшьаҩцәа анрымам, русура зынӡа иааныркылар акәӡам

"Атуристтә наплакқәа, асасааирҭақәа еиҳарак уажәшьҭа русура ааныркылоит. Иҟоуп аԥхын ибзианы аус зуз асасааирҭақәа, зхы бзиаӡаны иаазырԥшыз, аха дара рхыԥхьаӡара акыр имаҷуп Аԥсны. Уи зыхҟьо ахарџь рацәаны иахьаҭаху ауп,  насгьы иара аҳәынҭқарратә политика аганахьала азнеишьа аус адулатәуп. Иахьа ҳсасааирҭақәа аӷьырак рифрастуктура ашьҭыхраз, иааԥмырҟьаӡакәа аус рурцаз афинанстә цхыраара рҭахуп, ашәахтәқәа рганахьалагьы ахылаԥшра рыҭатәуп. Атуристтә наплакқәа змоу шьоукгьы ииашамкәа аус руеит, иаҳҳәап гханы ирымоу: уажәааны асасааирҭақәа рышәқәа адыркуеит, аха уи иаанагаӡом асасааирҭа зынӡа аусура ааннакылароуп ҳәа. Иааиуа аԥхын аҽазыҟаҵара аҭахуп, рсасааирҭақәа аӡыргара ҟарҵалароуп есымша, ҳаԥхьаҟа иаараны иҟоу аԥсшьаҩцәа заанаҵтәи рҿаҵа (бронь-аред.) иазхәыцроуп. Иахьатәи аамҭазы атуристтә операторцәа рымацара роуп аус зцыруа, иҟарҵароуп рхатә саитқәа, урҭ рҟны аҭиирҭа асистема. Уи адагьы, рыцҳарас иҟоу, асасааирҭақәа русура анализ мҩаԥыргаӡом: аԥсшьаҩы иибарц ииҭаху, идыргалар алшо. Абарҭқәа зегьы рҽеитәуп, иазхәыцтәуп, ииашаны амҩа иқәҵатәуп, акәымзар ҳаԥхьаҟа ҳҭагылазаашьа иаҳа еицәахоит. Асасааирҭақәа рнапхгаҩцәа иҟоу ахеилакқәа русура рхы аладырхәроуп, ирзымдыруа азҵаарқәа рзы аекспертцәа иразҵаароуп, еицаҳзеиԥшу аполитика аԥаҳҵароуп", -иҳәеит Ахба.

Иаҳа инарҭбаау аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0