Аҽыбӷаҟазара аныҳәа: Мықәашҭа аицлабрақәа мҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукМықәашҭа
Мықәашҭа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 6 рзы Мықәашҭа аныҳәа шымҩаԥысыз, аиҿкааҩцәа иаздырхиаз амилаҭтә хәмаррақәа ртәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Аҽырыҩра, аҵәеигәыдҵа, аҽылампыл – абарҭ зегьы Аԥсны имҩаԥырго аҽыбӷаҟазаратә еиндаҭларақәа рҿы иаарԥшуп.

Абжьыуаа рҿы еицырдыруа аҭыԥ Мықәашҭа Аԥсныаҽыбӷаҟазаратә мзар аҟны есышықәса иарбоуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукМықәашҭа аныҳәаан еизоит аҽыбӷаҟазара абзиабаҩцәа аӡәырҩы
Аҽыбӷаҟазара аныҳәа: Мықәашҭа аицлабрақәа мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Мықәашҭа аныҳәаан еизоит аҽыбӷаҟазара абзиабаҩцәа аӡәырҩы

"Сара саныхәыҷыз инаркны ареспубликаҿы имҩаԥысуаз аҽырхәмаррақәа зегь рахь сыргон. Саби сабдуи ари аҟазара абзиабара сыларааӡон. Сара уажәы уи смоҭа Нарҭ имаздоит. Хәышықәса шракәугьы ихыҵуа, аҽқәа дрышьцылоуп, дрыцәшәом", - ҳәа ҳзеиҭеиҳәоит Владимир Гогәуа.

Владимир Гогәуа аџьар ахьеизо аҭыԥқәа рахь шамахамзар аԥсуамаҭәа ишәҵаноуп дышнеиуа.

Сынтәатәи аспорттә ныҳәа азкын Аԥсны Аиааиреи Ахақәиҭреи 26 шықәса рхыҵра аныҳәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҽылампыл
Аҽыбӷаҟазара аныҳәа: Мықәашҭа аицлабрақәа мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Аҽылампыл

Уажәы атәыла ахадацәа хҩык - Владислав Арӡынба, Сергеи Багаԥшь, Рауль Ҳаџьымба Рыхраҿақәа ргаразы Мықәашҭа еиндаҭлон. Иара убасгьы еиндаҭлон Мықә ақыҭа ахадареи Очамчыра араион ахадареи раԥхьахәқәа ргаразы.

© Sputnik / Томас ТхайцукАхраҿақәа
Аҽыбӷаҟазара аныҳәа: Мықәашҭа аицлабрақәа мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Ахраҿақәа

1200 метра иҟаз аԥхьатәи аҽқәа реиԥхныҩлараҿы аиааира игеит Ҟәланырхәа ақыҭа аҽыҩҷкәын Оскар Ҭраԥшь.

Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ргәалашәаразы аԥхьахә игеит Пицундатәи аҽыҩҷкәын Инал Гамгьиа.

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ихраҿа иаҭәашьахеит Дмитри Қардиа (Ҷлоу). Рауль Ҳаџьымба Ихраҿа ианашьахеит Амиран Багаҭелиа (Гәдоуҭа).

Аҽыбӷаҟазаратә хкқәа рыдагьы, еизаз идырбан аимҵакьачеи ахыци ахәымпали рыла ахысреи.

© Sputnik / Томас ТхайцукАхыци ахәымпали рыла ахысразы аиндаҭлара
Аҽыбӷаҟазара аныҳәа: Мықәашҭа аицлабрақәа мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Ахыци ахәымпали рыла ахысразы аиндаҭлара

Аҵыхәтәантәи аамҭазы ари аспортхкы акыр ирылаҵәаны иҟалеит. Ахыцуаҩ Асҭамыр Матуа иажәақәа рыла, аклуб "Афырхы" шықәсык аҩнуҵҟала хәба-фба турнир мҩаԥнагоит.

"Ари аспорт хкы жәытәнатә аахыс ахархәара шамазгьы, аиндаҭларақәа мҩаԥаагоижьҭеи шықәсқәак роуп иҵуа. Сгәыӷуеит Мықәи Лыхни аныҳәақәа раан ахыци ахәымпали рыла аиндаҭлара хымԥадатәихап ҳәа", - иҳәоит Матуа.

Абри аспортхкаҿы аиааира игеит ахыцуаҩ Баҭал Џьапуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0