Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәынба Маиҟәаԥ афестиваль ралахәхара иазкны: аԥсуаа лымкаала иаҳзыҟан

© Sputnik Адамыр Гәынба
Адамыр Гәынба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра агастрольқәеи аконцертқәеи рыҟәша аиҳабы Адамыр Гәынба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит афестиваль "Кавказ азы Аҭынчра" шымҩаԥысыз, аԥсуа коллектив Маиҟәаԥ ишрыдыркылаз.

Аҩажәатәи Жәларбжьаратәи аҟазара афестиваль "Кавказ азы Аҭынчра" мҩаԥысуан Адыгатәыла жьҭаара 3 инаркны 6-нӡа. Уи рхы аладырхәит Аладатәи Аҩадатәи Кавказ афедералтә ҳәааҭақәа, иара убас Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла рхаҭарнакцәа. Аԥснынтәи аҟазара афестиваль иалахәын Леон иорден занашьоу, Едуард  Бебиа ихьӡ зху жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә ансамбль "Шьараҭын". Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз анапҟазацәа рцәыргақәҵа ихы алаирхәит Ақәыԥшцәа аҟәатәи рыҩны арҵаҩы Григори Қьецба.

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гәынба Маиҟәаԥ имҩаԥгаз афестиваль иазкны

"Гәахәарыла ирыдыркылеит ҳнеира, иазгәасҭар сҭахуп аԥсуаа лымкаала ишаҳзыҟаз. Афестиваль акәзар, аиҿкаашьа бзиан, 28 коллектив алахәын. Уи амҩаԥгареи жьҭаара хәба рзы иазгәарҭо Адыгатәыла амши еиқәшәеит. Маиҟәаԥ Ленин иашҭаҟны аколлективқәа зегьы афестиваль иалахәыз кәашарак-кәашарак нарыгӡеит. Ари афестиваль акоординациатә хеилак аилатәараҟны иазыӡбан иааиуа ашықәс азы ас еиԥш афестиваль Ростов-на-Дону имҩаԥгазарц", - иҳәеит Гәынба.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0