Шәачаа амшцәгьа рзыԥшуп

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШәачаа амшцәгьа рзыԥшуп
Шәачаа амшцәгьа рзыԥшуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 9 рзы Шәача ақалақьаҟны аҟны иҟалоит ҳәа иззыԥшу амшцәгьақәа инарыдҳәаланы ауааԥсыреи асасцәеи ргәы рҽанырҵоит.

АҞӘА, жьҭаара 8 – Sputnik. Шәача ақалақь аҿы ирылаҳәоуп амшцәгьа ӷәӷәа ҟалар ҟалоит ҳәа. Жьҭаара 9 рзы аметеорологцәа иазыԥхьагәарҭоит ақәаршҩы, адыд-мацәыс, аԥшаӷьы.

"Аӡиасқәа рҟны аӡы шьҭыҵыр алшоит. Ашьха иахьаԥну аҳәынҵәеиларшьшь леиуеит. Амшын аҿы аԥшеиларҳә ҟалар ауеит", - азгәарҭоит акурорт анапхгара.

Шәача ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи амшцәгьақәа инарыдҳәаланы ирабжьыргоит ашьхаҟа ныҟәара имцарц, аӡиасқәа рааигәара аԥсшьарҭаҭыԥ алрымхырц, амашьынақәа аҵлақәеи аихатә ргыларақәеи ирыҵадмыргылаларц.

Ԥхынгәы 14 рзы амшцәгьа иахҟьаны Кудепста, Адлер, аԥсуа-аурыс ҳәаахь уаазго афедералтә трасса рҿы амҩақәа ӡыла иҭәын.

Аԥшацәгьа иахҟьаны адәыӷбақәа рныҟәара еиԥҟьан.

Ажәабжьқәа зегьы
0