АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла аҳҭнықалақь амҩахадақәа руак– Московскаиа - Владимир Путин ихьӡ ахҵахеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.
"Иҳаӡбеит, Владимир Владимир-иԥа Путин ареспублика аизҳа-зыӷьаразы илагаламҭақәеи илшамҭақәеи ирызхьаԥшны ҳақалақь амҩа ԥшӡақәа руак – Московскаиа – уажәшьҭарнахыс ихьӡ ахҵазарц. Аӡбра ҳадаҳкылеижьҭеи акыр ҵуан, аха ахьӡԥсахра мҩаԥгахоит иахьа, Урыстәыла ахада имшира аҽны", - иҳәоит аҳҭнықалақь ахада Алан Кочиев.
Ари ареспубликаҿы иреиҳау амҩадуқәа ируакуп. Иара убасгьы Цхинвал иҟоуп Владимир Путин ихьӡ зху абжьаларҭа.