Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵәыџьба еиҭеиҳәеит Гәылрыԥшьтәи рбаҳчаҿы амандарина аҽаҩра зеиԥшроу

© Foto / предоставлено Виталием Цвижба Виталий Цвижба
Виталий Цвижба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион аҟны иҟоу агрофирма "Софиа" аиҳабы Витали Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит сынтәа рбаҳчаҿы амандарина аҽаҩра зеиԥшроу.
Ҵәыџьба еиҭеиҳәеит Гәылрыԥшь сынтәа амандарина аҽаҩра зеиԥшроу

"Ҵыԥх аҽаҩра даара ибзиан, ҳаигәырӷьон. Сынтәа иҟоу цәгьаӡам, аха имаҷны иҿалеит. Аҵлақәа амандарина рацәаны ианырҿало ашьҭахь рыԥсы ршьоит ҳҳәоит, убас иҟоуп сынтәа. Ус иҟоу акыр ибзиоуп. Ахәшәтәра аганахьала аиҳабыра ацхыраара ҳарҭеит, амармалташьтә пты аҟынтәи иаҳхәышәтәит. Ҵыԥхтәи аҽаҩреи сынтәатәи еидаҳкылозар 80 процент рҟынӡа еиҵоуп", - иҳәеит Ҵәыџьба.

Иаҳа инарҭбааны анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0