Зан диашоу, заб дхәахәоу, зыԥҳа дхагоу: аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ

© Sputnik / Томас Тхайцукаҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ
аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2023
Анапаҵаҩра
Аӡахәааӡара аҭоурыхи ажь аԥсуаа ишроузи аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥи ртәы шәыдылгалоит Есма Ҭодуа лматериал аҟны.

Ҽаҩраҭагалара аныҳәаз ихадароу нхамҩатә хкны иҟоу, аԥсуа ичеиџьыка иузаҟәымҭхо, иарбан ныҳәазаалак зыда ихәарҭам, ацәажәаҩ иҟазара аазырԥшуа, аныҳәаҩ игәыцқьара узырбо, агьама змоу игәы зырԥсаҳәо акәны иҟоуп аԥсуа ҩы. Аӡахәааӡара аҭоурыхи ажь аԥсуаа ишроузи аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥи ртәы шәыдылгалоит Есма Ҭодуа лматериал аҟны.

Хкаарачан

Сбор винограда в селе Хуап - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2019
Акаҷыҷ, Аҳардан, Амлахә: аӡахәа, ажь, аҩы аԥсуаа ркультураҿы

Ҭагалан– ари ааԥыни аԥхыни ихкааны ирымаз зегьы аноурышьҭуа, иаадрыхыз ала ианчо аамҭоуп. Убри инамаданы ари аамҭа "хкаарашьҭын", "хкаарачан" ҳәагьы иашьҭоуп. Ишырҳәо еиԥш, "акрызуа акрифоит".

Аԥсуа инхамҩа иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп ажь ааӡара. Ажь зҭаауа ауаҩы данырбалак, "Нар улбааит" ҳәа иарҳәоит. Аԥсуа бызшәа иалоу ажь ааӡара иадҳәалоу алексикеи афольклори, археологиатә материалқәеи иудырбоит ари акультура Аԥсны ииз акоуп ҳәа азуҳәараны ишыҟоу.

Аҵарауаа ишазгәарҭо ала, уи Аԥсны ицәырҵхьан аҩбатәи азқьышықәсазы ҳера ҟалаанӡа. Аԥсны иаҭаахьаз аӡәырҩы аҵарауаа-аныҟәаҩцәа иазгәарҭон "араҟа убас ирацәаны аӡахәаҭрақәа ыҟоуп, анхаҩцәа ажьҭаарагьы иахьӡом" ҳәа. Ажьҭаара аамҭа ноиабр-декабрмзанӡагьы ианцоз ыҟан. Еиуеиԥшым авторцәа аӡбахә рҳәахьеит Аԥсны изызҳауа 60 рҟынӡа ажьхкқәа. Урҭ рҟынтәи реиҳа идыру иреиоуп: аҳардан, акаҷыҷ, ауасырхәа, амлахә.

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗан диашоу, заб дхәахәоу, зыԥҳа дхагоу: аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ
Зан диашоу, заб дхәахәоу, зыԥҳа дхагоу: аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2023
Зан диашоу, заб дхәахәоу, зыԥҳа дхагоу: аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ

Ажь ацәырҵшьа

Ажь аԥсуаа ишроуз иазкны инеиҵыху аҳәамҭа авариантқәагьы ацны иаарԥшуп Нарҭаа репос аҟны. Урҭ руак ишаҳәо ала, Нарҭаа аишьцәа руаӡәк џьарантә иааигеит лабаҵәк. Иалҵуа збап ҳәа иахьынеиҭаиҳаз иқәҵәиаашо азҳара иалагеит. Уи иаҿалаз ашәырӡы алхны аишьцәа ианыржә иашьын, аимак-аиҿак рыбжьало иалагеит. Усҟан рашьа еиҵбы Нарҭ Сасрыҟәа аӡахәа ааҵихын, Наҳартәи аҩхаа иахыруаа иршәит.

© Sputnik / Томас ТхайцукЗан диашоу, заб дхәахәоу, зыԥҳа дхагоу: аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ
Зан диашоу, заб дхәахәоу, зыԥҳа дхагоу: аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2023
Зан диашоу, заб дхәахәоу, зыԥҳа дхагоу: аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ

Уи ажьымжәақәа ахьынкаԥсаз аӡахәақәа гылт. Аҳәамҭа аҩбатәи авариант ала акәзар, ауаа ашәырқәа шроуз Нарҭ Сасрыҟәеи Нарҭ Цәыцәи рыбзоуралоуп. Урҭ адыди амацәыси рынцәахәы ицхыраара адоуцәа ириааин, рбаагәараҟны изызҳауаз аҵиаақәа ргеит. Аишьцәа рыбжьара ианыршозгьы аҵиаақәа ажь рзеимакырахеит. Ишыҟазаалакгьы Сасрыҟәа итәхеит уи аҵыхәтәан, аха иашьцәа шәиит: ажь ирҩышьыган, ауаа еинарсуа иҟалааит ҳәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукЗан диашоу, заб дхәахәоу, зыԥҳа дхагоу: аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ
Зан диашоу, заб дхәахәоу, зыԥҳа дхагоу: аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2023
Зан диашоу, заб дхәахәоу, зыԥҳа дхагоу: аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ

Аҵыхәтәантәи авариант ишаҳәо ала, Нарҭаа рмал анеиҩыршоз, рҳаԥшьа Ҩаӡамакьаҭ рзеимакырахан, Сасрыҟәа дгәаан шьапыла дахьнасыз, ашьха иахыуаан аҳаԥшьа ԥыххаа ицан, ажьымжәақәагьы ахьынкаԥсаз аӡахәақәа ҩагылт. Абас аԥсуаа ажь ҵҩа амамкәа ироуит.

Аҩы аныҳәарақәа рҿы

Аԥсуаа рныҳәақәеи рныҳәарақәеи рҟны аҩы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит. Чароума, ԥсроума, асасдкылараан оума аҩы ада имҩаԥысӡом. Уимоу аӡба иакыз амҩасҩы "ӡык сшәыржәуандаз" ҳәа аниҳәалак, аӡы аҭыԥан аҩы идыргалон (иахьа ус еиԥш ҟазҵо даара имаҷуп, иара ажь зааӡогьы рхыԥхьаӡара еиҵахеит). Аныҳәақәа раан аҩы хықәкыс иамаз аҽаршьра акәмызт, еицәажәагак аҳасабала иҟан, ацәажәаратә ҟазара аанарԥшуан, ауаҩы иныҳәашьала далыркаауан.

Иалкаау аҭыԥ амоуп аҩы еиуеиԥшым Анцәахәқәа рымҵаныҳәараан. Аныҳәаҩ аҩы кны данныҳәо дзыхныҳәо амч азҭо акәны иҟоуп. Еиуеиԥшым аныҳәарақәа рзы аҳаԥшьақәа аҩы рҭаҭәаны ирыман. Нхаҩык 12–15 ҳаԥшьа анизыҵаз ҟалон, урҭ досу ныҳәак-ныҳәак ирызкны ирыман. Иахьагьы ақыҭақәа рҟны аҳаԥшьақәа аҩы рҭаҭәаны иҟарҵоит, хыԥхьаӡарала уаанӡеиԥш ирацәамзаргьы, шамаха акы-ҩба змам дыҟам.

Аҳаԥшьа – аныҳәагатә иадыргало "инымҵәаӡо аҩы"

Аҭагалараан раԥхьа иҿырхуа иреиӷьу ажьымжәақәа ахәыҷқәа агьама ддырбоит, избанзар ишыԥхьаӡоу ала, ажь аԥшьареи ацқьареи ирсимволуп, иара убас аизҳара аанагоит рҳәоит. Убри инамаданы тәылақәак рҟны иԥхьаӡоуп хшара змоуц аԥҳәыс иҿырхуа раԥхьатәи ажьымжәа луҭар ахшара лцәа далашәоит ҳәа. Убас ала, аҭаца аҩны даныҩнаргалозгьы ажьыргәыцқәеи акакани ахрыӷи (ашыла) лықәрыԥсон аҩнаҭа аизҳара, абарақьаҭра азаалгарц азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0