30 шықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны иҟалаз амҩатә машәырқәа рыстатистика ааргеит

CC0 / / амҩатә машәыр
амҩатә машәыр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-центр аҿы 1990 - 2019 шықәсқәа рыҩнуҵҟа иҟалахьоу амҩатә машәырқәа рыстатистика цәырыргеит.

АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра асаит аҟны иркьыԥхьит 1990-2019 шықәсқәа рыҩнуҵҟа иҟалахьоу амҩатә машәырқәа рыстатистика адиаграмма. Аинформациа иалгоуп аибашьра аамҭа: 1992-1993 шықәсқәа.

Хыԥхьаӡарала зегь реиҳа амҩатә машәырқәа ҟалеит 1990 шықәса рзы. Уи ашықәс аҩныҵҟа 428 мҩатә машәыр аҭыԥ рыман, иҭахеит 156–ҩык, аахақәа роуит 451–ҩык.

Аибашьра ашьҭахь, 2015 шықәса рзы амҩатә машәырқәа еиҳа ирацәахеит — 220 хҭыс ҟалеит. 2019 шықәса иахьанӡа 327-ҩык еиуеиԥшым аахақәа роухьеит.

2016 шықәса рзы иҭахаз рхыԥхьаӡара 80–ҩык ыҟан.

2019 шықәса аҩнуҵҟа 95 авариа ҟалахьеит, иҭахахьеит 24–ҩык, 141-ҩык аахақәа роухьеит.

© Foto / eadaily1990 шықәса раахыстәи Аԥсны иҟалаз амҩатә машәырқәа рыстатистика
30 шықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны иҟалаз амҩатә машәырқәа рыстатистика ааргеит - Sputnik Аҧсны
1990 шықәса раахыстәи Аԥсны иҟалаз амҩатә машәырқәа рыстатистика

Аԥснытәи амҩақәа рҿы аҭагылазаашьа ареспублика апроблемақәа ирхадоу рахь иаҵадыркуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0