Кәыдры аӡиас иагаз атурист иԥсыбаҩ рыԥшааит

© Foto / Бегунов ВладимирАӡиас Кәыдры
Аӡиас Кәыдры - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи атурист Тимур Дзеидов жьҭаара 10 рзы Гәылрыԥшь араион Џьамԥал ақыҭан Кәыдры данырсуаз аӡы даанахәеит. Иара иԥшаара мҩаԥыргон Аԥсны АҶА аусзуҩцәа. Ахҭыс ҟалеит аԥсшьарҭа "Аԥсны adventure" жәа-километрак инахыганы. АҶА аҷаԥшьарҭахь адырра ҟаҵан 22.15 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа ирыԥшааит жьҭаара 10 рзы Гәылрыԥшь араион Џьамԥал ақыҭан Кәыдры аӡы иагаз урыстәылатәи атурист Тимур Дзеидов иԥсыбаҩ. Абри атәы Sputnik иазааицҳаит Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.

Атурист иԥсыбаҩ рыԥшааит Кәыдрытәи аҩхаахь инеиуа атоннель аҟынӡа 500 метра аабжьаны.

"Уажәы АҶА аусзуҩцәа иҭахаз иԥсыбаҩ нышьла Кәыдры аӡы ихҵаны илбааргоит, избанзар аԥсыбаҩ ахьыԥшаау аҭыԥ ахь анеира акыр иуадаҩуп", - иҳәоит Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.

Урыстәылатәи атурист Тимур Дзеидов Кәыдры дхыланы данцоз жьҭаара 10 рзы Гәылрыԥшь араион Џьамԥал ақыҭан аӡы даанахәеит. Дзеидов иҩызцәа ҩыџьа акыр рҽыршәеит ицхрааразы, аха аӡы аӷьын, уи рымч ақәымхеит, рхаҭақәагьы аарла рыԥсы еиқәхеит.

Иара иԥшаара хацдыркит Аԥсны АҶА аусзуҩцәа ргәыԥ. Аԥсны АҶА аԥшааратә гәыԥ иахьа ашьыжь асааҭ фба рзы аҭыԥ ахь инеит. Ара иҟан аԥсшьарҭатә база "Аԥсны Adventure" арафтерцәа.

Хәаха-хәымш иӡыз иԥшаара иаҿын. Уи иалахәын 15-ҩык АҶА аусзуҩцәа, иҷыдоу атехника, Зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аӡхәыҵалаҩцәа, иара убас авертолиот МИ-2.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0