Жьҭаара 16 рзы адунеи зегь аҿы иазгәарҭоит ача амш.
"Схәыҷын, исгәалашәоит, Кәтол сахьаангылоз саҳәшьаду лыԥшәма илаиҵон ачарыц. Иара қашәқашәо иаауан, исгәалашәоит, ииаҵәаӡа ишҩеиуаз. Анаҩс иаахҳәаны, иаацәҩеижьханы иҟалон. Нас еилаҿаҳәаны иҟаҵаны, идырҩон. Ачалт шышны иҟаҵаны, иаасуа ачарыц рыпҟон. Иара амцхә икыдуҟьар, еимԥсаҟьон аҟнытә, ишаҳҭаз иԥҟатәын. Анаҩс иԥсаҟьаны ирыцқьаны, арҩаразы иқәрыԥсон, нас ауп аиаҳәа иҭаԥсаны ианырҵәахуаз. Аӡынра анааилак иара рлагон, ихәны ашыла ҟарҵон. Уи ашылала амажәа ркәаҳауан, ахаҳәтә ԥлакь аҿы амгьал рӡуан. Амца бзианы еиқәҵаны аԥлакь дыршуан, нас амца ааигәара иҽҳәаҵаны ача рӡуан. Уи афҩы хаа иахьагьы исгәалашәоит", – ҳәа азгәеиҭеит Ҭарба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.