АҞӘА, жьҭаара 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы ихраҿа агаразы зхы иақәиҭу аиқәԥара атурнир хыркәшоуп Гәдоуҭа ақалақь аҟны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит зых иақәиҭу ақәԥаразы аклуб "Абаза" адиректор, Аԥсны аспорттә қәԥаразы Афедерациа ахада ихаҭыԥуаҩ Леонид Боџьгәуа.
"Ари аҵак ду змоу хҭысуп, Рашь Хәытабеи Владимир Маршьани, "Ажәларқәа реиҩызареи" ртурнирқәа инарываргыланы иушьар ауеит. Еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟынтә иааз аспортсменцәа ҿарацәа еиндаҭлон ақәратә категориақәа ҩбеи акапантә категориақәа жәибжьи рыла", - иҳәеит иара.
Боџьгәуа иазгәеиҭеит атурнир аҩаӡара ҳаракны ишымҩаԥысыз, еснагь еиԥшгьы абаҩхатәра злоу аспортсменцәа рацәаҩны ишаанарԥшыз, алахәылацәа реиҳараҩык жәларбжьаратәи аиндаҭларақәа ирлахәылоуп, аԥыжәарақәагьы шрымоу.
"Атурнир еиднакылеит 200-ҩык раҟара ақәԥаҩцәа, аиашьаратәҟазшьа амангьы имҩаԥысит. Аспортсменцәа аӡәырҩы ари атурнир аҿы ҳаԥхьаҟагьы еиԥылап ҳәа ишақәгәыӷуа рҳәеит", – ҳәа азгәеиҭеит иара.
Атурнир ахәшьара ҳаракы арҭеит уи алахәцәа реиԥш азыҟаҵаҩцәагьы. Иазгәарҭеит аицлабрақәа рыҩаӡара ҳаракны ишымҩаԥысыз.
Мусса Егзакь ихраҿа агаразы атурнир раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысит 2011 шықәсазы. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны уи ахьӡ-аԥша аиуит Аԥсны анҭыҵгьы. Сынтәа атурнир еизнагеит ҩышәҩык аспортсменцәа, урҭ ааит ақалақьқәа Москва, Санкт-Петербург, Ростов, Краснодар, Калининград, Шәача рҟынтә, иара убас Ҟарачы-Черқьестәылеи, Ҟабарда-Балкариеи, Нхыҵи Аахыҵи Уаԥстәылеи, Ингәыштәылеи, Даӷьсҭани рҟынтә, Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҟынтә. Аспортсменцәа еиндаҭлоит ақәратә категориақәа ҩбеи акапантә категориақәа жәибжьи рҟны.
Ихадоу аҳамҭа – Мусса Егзакь ихраҿа занаршьо деилкаахоит ахәаша, жьҭаарамза 18 – афестиваль "Абаза" аҵыхәтәантәи амш азы. Уи ихьӡ рыларҳәоит Аҟәа, Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы имҩаԥысуа аконцерт аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Мусса Екзакь: сыгхақәеи сеихьӡарақәеи срылҵшәоуп
-
Ҳаразиа: Аԥсуа-Абаза конгресс аусура ҳгәыӷрақәа адаҳҳәалоит