Аҳәса рыԥсшьаразы реиҳа иалыркаауа ақалақьқәа жәаба ирылашәеит Гаграгьы

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРесторан Гагрипш в Гаграх
Ресторан Гагрипш в Гаграх - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара-абҵара амзақәа раан аҳәса еиҳа иалкааны ԥсшьара ҳәа ицоит Алупка, Шәача ақалақьқәа рахь.

АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik. Аԥсшьаразы заанаҵтәи аҿаҵатә сервер Tvil.ru аҳәса рыԥсшьаразы реиҳа иалыркаауа ақалақьқәа жәаба рыӡбахә аҳәеит.

Аԥхьатәи ажәабахь иаҵанакит ақалақь-курортқәа Иалта, Алупка, Шәача, Гәбаа-дәы, аӡиа Селигер, ақалақь Осташков, Екатеринбург, Санкт-Петербург, Иркутск, Калининград, Гагра.

Аԥсны реиҳа изҭаауа акурорт азы аекспертцәа ргәаанагарақәа еиқәшәом>> 

Зегь раасҭа аԥсшьара ахәԥса мариахоит ҭагаланмзақәа рзы Гагра. Ара уахыки-ҽнаки анхара 600 мааҭ иаԥсоуп. Зегь раасҭа ахәԥсақәа ҳаракуп Осташков (3 000 мааҭ).

Tvil.ru аверсиала иалкаау ақалақьқәа рҟны ахәԥсақәа:

• Иалта – 1700 мааҭ / 6 уахык

• Шәача – 1155 мааҭ / 8,5 уахы

• Алупка – 1225 мааҭ / 8,7 уахы

• Санкт-Петербург – 1823 мааҭ / 4 уахык

• Гәбаа-дәы – 1683 мааҭ / 3,5 уахы

• Екатеринбург – 1140 мааҭ / 5 уахык

• Иркутск – 1500 мааҭ/ уахык

• Калининград – 1105 мааҭ / 7 уахык

• Осташков – 3000 мааҭ / 7 уахык

• Гагра – 600 мааҭ / 4 уахык

Ажәабжьқәа зегьы
0