Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Чамагәуаԥҳа Шәача афестиваль аҿы рықәгылара иазкны
"Иаҳзаԥҵәан 3 минуҭк аамҭа, ҳапрограммаҿы уи аамҭа иашьашәалоу иҟоу Таиф Аџьба иажәеинраала иҩҩу ашәа "Аҷандараҟа даагоит" ауп. Ари ашәа ҳажәлар ирылаҵәан иҟоуп, иара анынаҳагӡа ахәаԥшцәа убысҟак гәахәарыла ирыдыркылеит, асцена аҟынтә ҳрышьҭыр рҭахымызт. Аконцерт ашьҭахь иааины иҭабуп ҳәа ҳарҳәон, избанзар, ҳашәақәа еснагь ибеиоуп, абжьырацәа ыҟоуп, Фатима Ҳанагәыаԥҳаи, Анета Ферызԥҳаи инарыгӡон ахкы. Аҵыхәтәан, Фатима дҩаҵҟьан дацкәашо даналага, ажәа ашәақәа умаҳартә еиԥш зегьы анапеинҟьара иалагеит", - еиҭалҳәеит Чамагәуаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ансамбль "Гәында" адыга музыка афестиваль иалахәхоит
-
Ҳџьынџьуаа ргәалашәарақәа: "Гәында" иабзоураны аԥсуа ашәақәа ҳҵеит