Ҭырқәтәыла ААР: акурдцәа Шьамтәыла ашәарҭадаратә зона рҽаԥырырго иалагеит

© Sputnik Хикмет Дарган / Амедиаҵәахырҭахь аиасраҬырқәтәыла ААР: акурдцәа Шьамтәыла ашәарҭадаратә зона рҽаԥырырго иалагеит
Ҭырқәтәыла ААР: акурдцәа Шьамтәыла ашәарҭадаратә зона рҽаԥырырго иалагеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥшьашаҽны Еиду аштатқәеи Ҭырқәтәылеи аҳәамҭа ҟарҵеит Ҭырқәтәыла арратә операциа 120 сааҭ рҟынӡа ишааннакылои акурд еиҿкаарақәа Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рҳәааҟны 30-километратәи азонаҟынтәи ишаԥырыргои рҳәеит.

АҞӘА, жьҭаара 21– Sputnik. Акурдцәа Шьамтәыла аҩадатәи аҭыԥ ашәарҭадаратә зона рҽаԥырырго иалагеит аха дара рганахь ала аибашьратә режим иацәхьамҵыц ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мевлиут Чавушоглу. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Турецкий спецназ - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәылатәи ар ҷыда Шьамтәыла акурдцәа ирҿагылоуп

"YPG (шьамтәылатәи акурдцәа реиҿкаара) амца аанкылара арежим макьаназы иқәныҟәом. Ҳара иаабоит YPG иалаҳкааз азона шыннажьуа. Аинышәаратә аамҭа анҵәара 35 сааҭ агуп. Атеррористтә гәыԥқәа ари аҭыԥ иалымҵыр, ҳара ҳоперациа еиҭахацҳаркуеит", - иҳәеит Чавушоглу.

Иара иҳәеит аҩашаҽны Шәача абри апроблема аӡбразы Владимир Путини Таип Ердогани еиԥылараны ишыҟоу.

Ҭырқәтәыла ахада Таиип Ердоган жьҭаара 9 рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит аоперациа "Источник мира" ишалаго азы. Аоперациа азырхоуп Ҭырқәтәыла ззин ыҟам Курдистан аусутә партиеи атеррористтә гәыԥ "Исламтәи аҳәынҭқарреи" рықәгара ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Иара убри амш аҽны аҭырқәа ари шьамтәылатәи аоппозициаа рыри ақалақь Телль-Абиад рымпыҵархалеит. Уи адагьы, Шьамтәыла аҭырқәа ари шьамтәылатәи аоппозициаа рыри Шьамтәыла аҩадахьы астратегиатә ҟазшьа змоу амҩаду М4 Алеппо-Хасеке ааныркылеит.

Иара убасгьы амҽышазы рнапахьы иааргеит ақалақь Рас ель-Аин.

Шьамтәылатәи амчрақәа изныкымкәа Ҭырқәтәыла имҩаԥнаго аоккупациатә политика иақәыӡбахьеит.

Урыстәыла акәзар, Ҭырқәтәыла аимак иаԥырхагахаша аусқәа аҽрыцәхьанакыроуп ҳәа иашьоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0