Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҟаитан еиҭеиҳәеит Аԥсуа ҭыӡрыԥхра Ду аҭҵааразы имҩаԥырго аусурақәа ртәы

© SputnikШандор Каитан
Шандор Каитан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Археолог Шандор Ҟаитан арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит Аԥсуа ҭыӡрыԥхра Ду аҭҵааразы аусурақәа раԥхьатәи ахәҭа хыркәшоуп ҳәа.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҟаитан Аԥсуа ҭыӡрыԥхра Ду аҭҵаара иазкны

"Ҳаҭҵаара апроект иахьӡуп "Аԥсуа баагәара амаӡақәа". Аханатә ҳгәы ишаанагоз еиԥш абаагәара ахәҭақәа зегьы ҳархысыртә изыҟамлеит, ауаҩы инеира ахьыцәгьоу аҭыԥқәа ыҟоуп, абнара ахыҵәеит. Аиашазы, асцәҟьа иуадаҩхоит ҳәа ҳаҟамызт, еиҳаракгьы Џьгьарда ахәҵа иахьаҵанакуа. Уа ҩымш ҳаҟан, излаҳалшоз абаақәа ҭаҳҵааит. Аӡын асы ашьҭахь амаӷ лаҟәыр уахь анеира иаҳа иманшәалахап ҳәа аҭҵаарақәа ааԥын ахь ииаҳгеит. Ҳархысит амшын иаԥну абаа ахәҭақәа, убасгьы Тҟәарчал араион иахьаҵанакуа, ҳаҭааит Аимара аҳабла. Иаанхаз абаашқәа 50 раҟара ыҟоуп, ҳархысит ҩышә инареиҳаны. Аҵарауаҩ Иури Воронов ихсаала ҳхы иаҳархәон. Абаашқәа убасгьы дырхысхьан археолог Галина Требелева аджипиес дкылага лыманы, усҟан алшара лымамызт урҭ зегьы дырҭаан ианылҵартә еиԥш, лусура хаҳарҭәааит ҳҳәар ауеит. Ааԥын иазгәаҳҭо абаақәа рҭаара ашьҭахь иаҳа ихарҭәаау ахсаала ҳуеит. Уажәы амшқәа ахьынӡабзиоу ҳусура аҩбатәи ахәҭахьы ҳаиасуеит, уи археологиатә ԥшаарақәа роуп. Гал араион аҟны иҟоу аобиектқәа рыҭҵаара ҳалагоит, хыџьара археологиатә експедициақәа мҩаԥаҳгоит", - иҳәеит Ҟаитан.

Иаҳа инарҭбаау аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0