Алада Ешыра амедицинатә центр ҿыц аадыртраны иҟоуп

CC0 / / Аҳақьым
Аҳақьым - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара амедицинатә центр аргыларазы аспорттә база "Ешыра" амазаратә комплекс азоунажьуеит.

АҞӘА, жьҭаара 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Алада Ешыра ақыҭаҿы аа-гектарк адгьыл азоужьхоит амедицинатә центр ҿыц аргыларазы.

"8 шықәса инарзынаԥшуа иалацәажәоит ганрацәалатәи амедицинатә центр аргылара азҵаара. Аԥхьанатә иазԥхьагәаҭан Агәыӡера аргылара, аха уа иазоужьыз адгьыл маҷхеит аобиект аргыларазы. Аԥыза-министр инапынҵала иахәҭоу аҭыԥ ԥшаахеит", - иҳәеит аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Вахтанг Ԥиԥиа.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа иажәақәа рыла амедцентр Ареспубликатә хәышәтәырҭа аусура арыҩбом. Ара иаԥҵахоит иахьазы атәылаҿы иҟам аструктурақәеи аҟәшақәеи.

Еиҳа инарҭбааны азҵаара иалацәажәараны иҟоуп Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа рпроектқәа рыхәаԥшраан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0