Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арышԥҳа еиҭалҳәеит ашколқәа рҟны амш инеиҵыху аҽазыҟаҵарақәа шышьақәгылоу

© Sputnik / Томас ТхайцукМарина Аршба
Марина Аршба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашколқәа рҟны аурокқәа рнаҩс аҩныҟатәи адҵақәа рыла аҽазыҟаҵарақәа шышьақәгылоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь аҵараусбарҭа аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Марина Арышԥҳа.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Арышԥҳа ашколқәа рҟны амш инеиҵыху аҽазыҟаҵарақәа ртәы

"Амш инеиҵыху аҽазыҟаҵарақәа алагарҭатә классқәа рҟны асовет аамҭақәа инадыркны иҟан. Уаанӡа арҵаҩы лџьабаа ахә аҳәынҭқарра иашәон, уажәгьы џьара-џьара ашкол дуқәа рҟны ус еиԥш агәыԥқәа ахьуԥыло ыҟоуп. Амш инеиҵыху агәыԥ аҿы аангылара зҭаху ахәыҷқәа рацәаҩуп. Аҭаацәа арҵаҩцәа ирыҳәаны иахьынрыжьуаз ыҟан, аха уи азы ахәԥсақәа еиԥшымызт. Ашколқәа ҳрылсны иангәаҳҭа, иаҳбеит арҵаҩы иџьабаа ахәԥса зехьынџьара ишеиԥшымыз, иҟан хә-нызқьмааҭ ахьыргозгьы. Ашколқәа рҟны иҟоу аҭаацәаратә хеидкылақәеи ҳареи ҳаилацәажәаны иазыҳаӡбеит агәыԥ шаҟаҩы ахәыҷқәа еиднакылар алшо, аклассқәа рҟны шаҟа аамҭа аҽазыҟаҵара мҩаԥысуа, ахәԥса шьақәҳаргылеит мызкы ҩ-нызқь мааҭ ҳәа. Агәыԥ аҟны жәохәҩык иреиҳамзароуп, аха аиашазы уигьы мыцхуп. Аԥара иршәо аҭаацәаратә хеидкыла иалоу аӡәы аҳасабырбаҩ иаҳасабала хылаԥшра алҭоит, еизылгоит. Уи аԥараҟынтәи 20 процент ашкол афонд ахь ирышьҭуеит, егьи арҵаҩы луалафахәы ҳәа илырҭоит", - лҳәеит Арышԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0