Британиа аԥыза-министр Brexit азы азакәан апоект алацәажәара ааникылеит

© AFP 2023 / DANIEL LEAL-OLIVASБорис Джонсон
Борис Джонсон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Борис Џьонсон агәҽанҵара ҟаиҵахьан аграфик иахыгахар азакәан апроект зынӡа иқәгахоит ҳәа. Уи иаанаго Британиа ду Евроеидгыла жьҭаара 31 рзы еиқәышаҳаҭрада иалҵуеит ауп.

АҞӘА, жьҭаара 23 – Sputnik. Великобританиа аԥыза-министр Борис Џьонсон Brexit азы азакәан апроект алацәажәара аамҭала иааникылеит адепутатцәа иара хымш рыҩныҵҟала адкылара мап анацәырк ашьҭахь. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Џьонсон иажәалагалазы рыбжьы рҭиит 308 депутат, иаҿагылеит - 322.

Евроеидгыла Brexit аҿҳәара имнахар, хара имгакәа Британиа ду азеиԥш лхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп.

"Евроеидгыла аӡбра аднакылароуп абри аганахь ала. Аиҳабыра ииашоу амҩала ицароуп, еиқәышаҳаҭрада алҵра аҽазыҟаҵара мҩаԥыргароуп. Евроеидгыла аӡбра аднакылаанӡа ҳаргьы азакәан апроект ахәаԥшра аанаҳкылоит" ҳәа иҳәеит Џьонсон.

Британиа ду Евроеидгыла ааннажьроуп жьҭаара 31 инаркны. Brexit аԥхьатәи арыцхә хәажәкыра 29 ахыган апарламент уи хынтә иахьақәшаҳаҭымхаз азы. Апарламент Brexit еиқәышаҳаҭрада алҵра аҭахым, Евроеидгыла аиқәшаҳаҭра аиҭахәаԥшра агәы иҭам.

Аамҭақәак раԥхьа британиатәи аоппозициатә партиақәа ирыӡбеит еиқәышаҳаҭрада алҵра иаҿагыларц.

Ажәабжьқәа зегьы
0