Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳашыг: иааиуа ашықәсаз ателеканал "Абаза" аҿы ԥсышәала адырраҭарақәа рхыԥхьаӡара иацлоит

© SputnikРуслан Ҳашыг
Руслан Ҳашыг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы, ателеканал "Абаза" аиҳабы Руслан Ҳашыг арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан анагӡаразы Аиҳабыра реилатәараҟны ирыдыркылаз хықәкылатәи апрограмма аҵакы атәы.

Аиҳабыра реилатәараҟны ахаша, жьҭаара 23 рзы ишьақәдырӷәӷәеит аусбарҭатә хықәкылатә апрограмма "Азакәанԥҵаратә, анагӡаратә, аӡбарҭатә усбарҭақәа, иара убас ауаажәларратә еиҿкаарақәа русура аинформациатә хархәагақәа рҿы аҳәынҭқарратә бызшәала анагаразы".

Ҳашыг: иааиуа ашықәсаз ателеканал "Абаза" аҿы ԥсышәала адырраҭарақәа рхыԥхьаӡара иацлоит

"2007 шықәсазы Жәлар Реизара иаднакылаз аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан 16-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, Аԥсны амассатә информациатә хархәагақәа иҭрыжьуа абжеиҳарак аҳәынҭқарратә бызшәала иҭҳажьыр акәын. Азакәан аҟны анҵара мариоуп, аха анагӡара уадаҩуп, иҳәынҭқарратәым аҭыжьымҭақәа рзы ацхыраара, адгылара аҳәынҭқарра иҟанамҵар. Арҭ ашықәсқәа иқәҳаргылон азҵаара, азакәан иҳаднаҵо аҟны аҳәынҭқарра алшара аԥшаарц иҳацхрааразы. Иара азакәан аҟынгьы иазгәаҭоуп аҳәынҭқарра адгылара шанаҭо аҳәынҭқарратә бызшәала еиҿкаахо аус иҳәынҭқарратәым аҭыжьымҭақәа рҟны ҳәа. Сынтәа раԥхьаӡа акәны абиуџьет аус анадырулоз ари азҵаара ахаҵгылара аиуит", - иҳәеит Ҳашыг.

Иара иазгәеиҭеит аиҳабыра рықәҵара Жәлар Реизара ахәаԥшны ирыдыркылар, абиуџьет аҟны ианыԥшыр, аԥсышәала иаԥҵахо анҵамҭақәа, адырраҭарақәа иҳәынҭқарратәым амассатә информациатә хархәагақәа рҟны рхыԥхьаӡара ишацло, рымҽхак шыҭбаахо.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0