Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аршба еиҭеиҳәеит сынтәа Аԥсны шаҟаҩы ԥсшьара иаҭаахьоу

© Sputnik / Томас ТхайцукСаид Аршба
Саид Аршба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акурортқәеи атуризми рминистрра Аинформациала аиқәыршәареи ахыԥшатә политикеи рзы аҟәша аиҳабы Саид Аршба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа ԥсшьара ҳәа ҳтәылахь иааз рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡо.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла миллионки шә-нызқьҩыки инарзынаԥшуа аԥсшьаҩцәа сынтәа Аԥсны иаҭаахьеит ҳәа адырра ҟаиҵеит Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистрра ахаҭарнак.

Аршба еиҭеиҳәеит сынтәа Аԥсны ԥсшьара шаҟаҩы аҭаахьоу

"Ари  ахыԥхьаӡара иаҵанакуеит аԥсшьарҭақәа рҟны зыԥсы зшьо, иара убас мышктәи аныҟәарала ҳәа ҳтәылахь иааз. Аԥсны аус зуа афирмақәа ишьақәгыланы иҟоу аформала адырра ҳарҭоит шаҟаҩы аекскурсиа ҳәа иаҳҭааз. Ус еиԥш аԥсшьаҩцәа 588 нызқьҩык рҟынӡа рхыԥхьаӡара ыҟоуп", - иҳәеит Аршба.

Убри аан иара иазгәеиҭеит ахыԥхьаӡара иаҳа еиҵаны иадырбаргьы алшоит ҳәа. Аршба иажәақәа рыла, сынтәа Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа мышктәи аныҟәара ҳәа иаҭааз аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара иаҳа иацлеит.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0