00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
31 мин
08:30
31 мин
13:00
31 мин
13:30
31 мин
Исторический ликбез
14:04
22 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны акультура аҿиара 18 миллион ахҭынҵахоит 2020 шықәсазы

© Sputnik / Томас ТхайцукАҳәынҭқарратә музеи
Аҳәынҭқарратә музеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәараан, жьҭаара 23 рзы Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр инапынҵақәа назыгӡо Ельвира Арсалиаԥҳа иӡырылгеит "2020 шықәсазтәи Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра ауснагӡатәқәа рыплан".

АҞӘА, жьҭаара 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Аплан инақәыршәаны, Аԥсны акультура аҿиара 18 миллион ахҭынҵахоит 2020 шықәсазы.

Ельвира Арсалиаԥҳа лажәақәа рыла апрограмма хықәкыс иамоуп: аԥсуа милаҭтә культура, аԥсуа абызшәа рырҿиареи адгылара рыҭареи, иара убасгьы Аԥсны атәылауаа зегьы инеизынеиԥшны еиҟароу акультуратә ҿиаратә ҭагылазаашьа рзаԥҵареи. Абри ахықәкы анагӡаразы иазԥхьагәаҭоуп еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа. Арахь иаҵанакуеит: акинематографиатә, атеатртә, амузыкатә, ахореографиатә, аҿыханҵатә, аестрадатә, акультура-рккаратә усурақәа.

"Апрограмма иазԥхьагәанаҭоит аԥсуа культуреи аҟазареи рыҿиараҿы аԥыжәара зҭатәны иԥхьаӡоу ахырхарҭақәа. Арҭ ахырхарҭақәа зегьы апринцип хадақәа – атәыла акультуратә еилазаара аҳаҭырқәҵара, аполиетникатә традициақәа адгылара рыҭара, акультуратә хаҿаарԥшра, иҟоу аиҿкаарақәа шьаҭас иганы акультуратә акзаареи аҿыцқәа раԥҵареи ирықәныҟәоит", - лҳәоит Арсалиаԥҳа.

Апрограмма аамҭала икьаҿуп. Иаҵанакуа - 2020 шықәсоуп. Апрограмма хыркәшахоит - ԥхынҷкәын 31, 2020 шықәса рзы. Апрограмматә уснагӡатәқәа ирықәхарџьхоит 18 миллион мааҭ. Ақәҵара ахылаԥшра анаҭоит Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0