"Ашәҟәы ҟаԥшь нормативтә документуп – аԥсабареи ауаҩи реизыҟазаашьа ахьаныԥшуа. Иҟоуп убас еиԥш аҵиаақәеи, аԥстәқәеи, акәыкәбаа хкқәеи Аԥсны ада џьара иззымҳауа. Нас еиқәырхатәӡами урҭ аԥстәқәеи аҵиаақәеи? Бзыԥтәи аҩхаа мацараҿы изызҳауа "Иԥшӡоу аҵәҵәа" ҳәа изышьҭоу аӡбахә жәларбжьаратәи аконференциақәа рҿы ианырҳәо акырӡа аҵанакуеит. Уи иаанаго, Аԥсны аекологиа убасҟак еиқәырхоуп, адунеи аҿы иззымҳауа аҵииақәа рыхкы ҳтәыла мацараҿы еизҳауеит. Асоветтә аамҭазы иҭыҵыз Ашәҟәы ҟаԥшь аҿы иануп Аԥснынтә аҵиаақәа 25 хкы. Аха Аԥсны изызҳауа 25 мацара ракәӡам. Иҟоуп ареликттә ҟазшьа змоугьы аҵиаақәа. Урҭ рхыԥхьаӡара даара имаҷуп. Аҵааршә иацәынхаз дара Аԥсны еиқәхаз рацәоуп, урҭгьы ахьчара рҭахуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷыҭанаа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.