Аҵарауаа еилыркааит Македонски иԥсҭазаара ҿахызҵәаз

CC0 / / Александр Македонский
Александр Македонский  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арыжәтәи ишшаԥсыркылоу афатәи Македонски ичымазара мзызны иаиуит. Уи иахҟьеит дшыҷкәыназ иԥсҭазаара иалҵрагьы.

АҞӘА, жьҭаара 25 - Sputnik. Бырзентәыла иҟоу Аристотель иуниверситет аҵарауаа ишьақәдыргылеит Александр Македонски иԥсра мзызны иазыҟалаз апанкреонекроз чымазароуп ҳәа. Уаанӡа атиф, агәаәҵкыра, амалиариа уҳәа еиқәырыԥхьаӡон. Абри атәы аанацҳауеит аҭыжьымҭа Greek Reporter.

1995 шықәса рзы ихацыркыз аҭҵаарақәа ачымазара аҿиашьа анализ ҭбаа азыруит.

Аҭҵаарақәа равтор, амедицина апрофессор, аҳақьым Томас Герасимидис иажәақәа рыла Александр иԥсра мзызны иаиуит апанкреонекроз. Ари ачымазара ахы цәырнагеит: из ахаҳә ахьамаз иахҟьаны, иара убасгьы арыжәтә дахьачычази, ашша змоу афатә бзиа иахьибозгьы.

Македонски ичымазара ахы акит икрыфара ашьҭахь. 14 мшгьы дырзымхәышәтщыкәа дшыҟаз иԥсҭазаара далҵит.

Александр Македонски —Македониа аҳәынҭқар, Аргеадонаа рдинастиа ахылҵшьҭра, аруаҩ, аибашьҩы, ампыҵыхалаҩ.

Ажәабжьқәа зегьы
0